Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аделегациа Брианск Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз ргәаладыршәеит

© Foto / официальный сайт Администрации города Сухум Делегация Сухума посетила памятные места в Брянске, посвященные ВОВ
Делегация Сухума посетила памятные места в Брянске, посвященные ВОВ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2022
Анапаҵаҩра
Бриансктәи аобласт афашистцәа рнапаҵаҟа ианыҟаз аамҭазы, аҭынч уааԥсыра иршьызи арҭҟәацгақәа иаларыжьуаз ирыхҟьаны иҭахази рхыԥхьаӡара 75 274-ҩык инаӡоит, 154 нызқьҩык рынхарҭақәа ирыхцаны анемец хәура иҭан. 1016 еиланхарҭа ҭыԥ ықәццышәаан.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа, Брианск Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵаны аибашьцәа ргәаладыршәеит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахада аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аусбарҭа аделегациа аҭааит агәаларшәагатә ҭыԥқәа - амемориалтә комплекс "Хацунь" иара убас "Апартизантә дәҳәыԥш".
Афашистцәа ирымпыҵырхалаз ақалақь ишазныҟәаз иазкуп акомплекс "Хацунь". Амемориал аҟны анышә иамадоуп аҭынч уааԥсыреи ақалақь ахы иақәиҭызтәыз асолдаҭцәеи.
Амемориалтә комплекс "Апартизантә дәҳәыԥш" акәзар Брианск абнара иалсуа аӡиа Снежать ахықәаҿ иҟоуп.
Уаҟа ицәыргоуп ахаҳә ҭыӡқәа - апартизанцәа рхырхарҭа зну ахсаалақәа, иҭахаз рыхьӡқәа, арратә техника аекспозициа уҳәа агәаларшәарақәа зныԥшуа.
Аҟәатәи аделегациа иара убасгьы идырбан асквер "Аиааира абаҳча". Иара ҟаҵан 2021 шықәсазы, ақалақь ахада Марина Дбар лаԥшьгамҭала.
Ажәабжьқәа зегьы
0