Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақәаршыҩ иахҟьаны Цандрыԥшь аҳабла аҟны амҩақәеи аҩнқәеи аӡы рыҵалеит

© FotoЛивень стал причиной заторов на республиканской трассе
Ливень стал причиной заторов на республиканской трассе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла аҟны ақәаршыҩ иахҟьаны амҩақәеи, аҩнқәеи, афымцастанциеи аӡы рыҵалеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳабла ахада Адгәыр Дасаниа.
"Ақәаршыҩ ашьыжь иалагеит. Ааха роуит авокзал, аҳабла ахәбатәи аквартал, афымцастанциа аӡы ҩналеит, уи иахҟьаны хәҭа-хәҭала алашара ҳарцәар акәхеит. Аҩнқәагьы ааха роуит, аха макьана ҳара ҳахь ацхырааразы аӡәгьы дмааицт ", - иҳәеит иара.
Дасаниа иажәақәа рыла, аҳабла ихадоу амҩа - Октиабрскаиа аӡымҭҟьари ахаҳәқәеи рнаҳалеит, уи иахҟьаны амашьынақәа рныҟәара аанкылан. Аусбарҭақәа амҩақәа ррыцқьа иаҿуп.
Иара убас аӡымҭҟьари ахаҳәқәеи рлеира иахҟьаны Гагра араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара аанкылан. Дасаниа имоу адыррала, амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа ықәганы, амашьынақәа рныҟәара шьақәыргылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0