Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәса аамз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа руснагӡа иацҵан инагӡоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России. Архивное фото
Уничтожение старых банкнот в Банке России. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аинформациала аҳазатә шәарақәа шықәсыктәи ауснагӡала иарбаз алагала 82.4% артәоит.
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. 2022 шықәса аамз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа руснагӡа иацҵан инагӡоуп ҳәа иҳәеит аԥыза-министр иԥылараан Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.
Уснагӡала иарбаз 1,5 млрд мааҭ рцынхәрас иалагалоуп 1,8 млрд мааҭ.
Цәыббра 1-21 рыҩнуҵҟа мацара абиуџьет иалагалоуп 174,9 млн мааҭ.
Убри аан, аилак иазгәанаҭоит акцизтә тауарқәа (арыжәтә, аҭыҭынаалыҵ) рзы ашәарақәа шеиҵахаз. Иазԥхьагәаҭаз рҟынтә 460 млн еиҵахеит. Ари атауар алогистика аилагара иадҳәалоуп.
Хьециа иажәақә арыла, акцизтә тауарқәа рзы ашәарақәа рыуадаҩра аихшьаалатә рбагақәа ирныԥшуам.
Ажәабжьқәа зегьы
0