Донбасс, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра реиҳараҩык ареферендумқәа рыҽрыладырхәуеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
Анапаҵаҩра
Ҭелла имҩаԥгаз аҭҵааратә зҵаарақәа ирылахәын ԥшьнызқьҩык рҟынӡа арҭ арегионқәа руааԥсыра.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа рхы рыладырхәуеит ҳәа аанацҳауеит ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа Урыстәылазегьтәи ацентр (ВЦИОМ).
ДЖәРи ЛЖәРи рҿы инхо ауааԥсыра рҟынтә изазҵааз 87% абжьыҭара анеира рыгәҭакуп, Запорожиетәи аобласт аҿы – 80%, Херсонтәи аобласт аҿы - 69%.
Изазҵааз реиҳараҩык Урыстәыла адлара иазыхиоуп. Донецки Лугански ареспубликақәа рҿы ари арбага 97% инаӡоит. Егьырҭ макьана аҭак иазыхиам.
Запорожиеи Херсони аобластқәа рҿы ари арбага еиҳа илаҟәуп. Украина иалҵны Урыстәыла иадларц иақәшаҳаҭуп 87%; 89%. Арҭ аобластқәа руааԥсыра 2%-2% уи иаҿагылоит, 11%; 9% аҭак рзыҟаҵом.
Подготовка к референдуму о присоединении к РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласти Запорожиеи рҿы абжьыҭаратә ҭыԥқәа аадыртит
Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра Урыстәыла ралаларазы ареферендум мҩаԥгахоит цәыббра 23 - 27 рзы. Арегионқәа рхадацәа аҳәамҭа ҟарҵеит абжьыҭара амҩаԥгараз рыӡбра шьаҭаны ишамоу киевтәи арежим ашәарҭара иҭазыргыло ауааԥсыра ршәарҭадара ахьчаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0