ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласти Запорожиеи рҿы абжьыҭаратә ҭыԥқәа аадыртит

© Sputnik РИА  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к референдуму о присоединении к РФ
Подготовка к референдуму о присоединении к РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
Анапаҵаҩра
Ареферендумқәа реихшьаалақәа ҟаҵахоит дара анхыркәшахалак хәымш рышьҭахь.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәыла алаларазы абжьыҭаратә ҭыԥқәа аадыртит Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәеи Харковтәи аобласти зых иақәиҭтәу Запорожиетәи аобласти рҿы ҳәа аарыцҳауеит РИА Новости акорреспондентцәа.
Ареферендум мҩаԥысуеит цәыббра 23 - 27 рыҩнуҵҟа.
Цәыббра 19 рзы Донецки Лугански Руаажәларратә палатақәа ареспубликақәа рхадацәа Денис Пушилини Леонид Пасечники рахь ааԥхьара ҟарҵеит ареферендум мҩаԥгазарц. Цәыббра 20 рзы абжьыҭара арыцхәқәа азгәарҭеит.
Иара убри амш азы Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа ареферендум амҩаԥгара ргәы ишҭо азы адырра ҟарҵеит. Арегионқәа рнапхгаҩцәа аӡбра адкылараан напхгагас иҟарҵеит Урыстәыла алалара ашьҭахь ашәарҭадара аиура.
ДЖәРи ЛЖәРи руааԥсыра абжьыҭараан аҭак ҟарҵароуп зҵаарак: ареспубликақәа Урыстәыла ралалара иақәшаҳаҭу иақәшаҳаҭму хаз иҟоу субиектк аҳасаб ала. Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа рҿы х-зҵаарак ыҟоуп: Украина алҵра, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аиҿкаара, Урыстәыла алалара.
Ажәабжьқәа зегьы
0