Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥснеихамҩа" адәыӷбамҩаҿы инанагӡаз аусурақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит

© SputnikЖелезнодорожные пути
Железнодорожные пути  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Анапаҵаҩра
Аусурақәа ҩнапыкла ирҿуп - аихамҩа аужәраҟынтәи идрыцқьоит, ақьарсҭақәеи ашпалақәеи ахьыбжьысу ирыԥсахуеит.
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. "Аԥсны аихамҩа" аусзуҩцәа аихамҩақәа рҿы аусурақәа мҩаԥыргоит, абри атәы аанацҳауеит анаплакы апресс-маҵзура.
Аихамҩа Аҟәа - Ԥсоу ахәҭаҿы аҵлақәа хдырҟәдаауеит. Аусурақәа мҩаԥыргоит аихамҩазы еиҳа аҵлақәа ашәарҭара ахьаадырԥшуа, икаҳар ахьрылшо, амахәқәа афымцацәаҳәақәа иахьырзааигәоу аҭыԥқәа рҿы.
Иара убас аихамҩатә цҳақәа ԥшьба рҿы - Аҟәа Басла аӡиас иху, Гәдоуҭа араион аҿы аӡиас Хыԥсҭа иху, Гагра араион Бзыԥ аӡиас иху, иара убас Гәылрыԥшь араион Каштак иахьаҵанакуа аихамҩа ахәҭаҿы - ақьарсҭақәа ԥсахуп.
Уи адагьы, аангыларҭа "Кьалашәыр" аҟны арельсқәеи ашпалақәеи ықәхны аҿыцқәа шьҭаҵан уаанӡатәи ахьбжьысыз азы.
Сухумский железнодорожный вокзал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Аԥсны
Хазириши "Аԥсны аихамҩа" иазгәаҭан иамоу апроектқәа дрылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0