Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара

© Foto / из архива Марины БарцыцРуслан Таниа
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа Аԥсуа театр аҿы абжьы арежиссиорс аус зуаз, аибашьра ианалага ацхыраара ласы амашьына арныҟәцаҩыс афронт ахь ицаз, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Руслан Ҭаниа диҿцәажәаны анҵамҭа азлырхиеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи Аибашьра иаанарԥшит аҭынч ԥсҭазаараҿы ашьац иаӷрамгылоз ззырҳәоз, уамак зыҽцәырымго аԥсҭазаара ианыз ауаа агәымшәара ду шаадырԥшыз. Аԥсуаа ирымоуп ажәаԥҟа бзиак – "Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп" ҳәа. Ари аилкаара адәышкәаӷьаз иқәымиаазар акәхап, ауаа иԥыршәахьаз аԥсҭазаара иахылҵит.
Иахьа зыбзарӡы цәырызго аибашьра аветеран знымзар-зны аинтервиуқәа риҭо, ихы далаҽхәо дубаӡом. Аибашьра ааилгазар, ахныҟәгаразы еиҳа иидыруаз иус даҿуп –дмашьынарныҟәцаҩуп. Ԥсабарала зҟазшьа ҟәымшәышәу, зыбжьы ҭыганы имцәажәац уаҩуп сҳәар ауеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Руслан Ҭаниа изын.
Зыӡбахә сымоу аибашьҩы зҟазарала Аԥсны зегь ирдыруа, иахьа здунеи зыԥсаххьоу актиор Амиран Ҭаниа диԥоуп. Руслан дыздыруеижьҭеи маҷ ҵуамызт, иареи сареи атеатр аҿы аус еицаҳуан аибашьра иалагаанӡа. Уи инаҷыданы, атеатртә институт аҿы аҵара сыцызҵоз Амиран иԥҳа еиҳабы Розита длашьан, убри аҟынтә, аҵара санҭала инаркны дыздыруан сҳәар ауеит. Аҟәа усҟантәи аамҭақәа рзы зегь анхарҭақәа рымамызт, убри аҟынтә, аԥсшьарақәа анҳамаз астудентцәа Розитеи Руслани ран Маро илтәыз ауада ԥшьыркцаҿы еизарҭас иҳаман. Руслан уа ашҭаҿы хазы дынхон, дҭаацәаран.
© Foto / Елеонора КоӷониаԥҳаРуслан Ҭаниа
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Руслан Ҭаниа
Ажәакала, Руслан ицәгьамкәа издыруаз уаҩын, аха еибашьрак иалагаргьы, заҳәа ҭых игылоз дреиуоуп ҳәа сыҟамызт. Сҩашьеит рацәа! Руслан Амиран-иԥа атеатр аҿы абжьы арежиссиорс аус иуан, иан Марогьы иабгьы шеилыҵхьазгьы, дара аамысҭашәала атеатр аҿы аус еицыруан. Розитагьы, аҵара дҭалаанӡагьы, уа атеатр аҿы аусура далагахьан. Исҳәарц сылшоит Руслан атеатртә ҭаацәара иааӡаз уаҩуп ҳәа, уи абзиабара иахьагьы иныруеит, уа аус шимуагьы.
Нас, аибашьра ҟалеит. Зегь ҳаивнагеит. Сара Гәдоуҭа снанагеит 1993 шықәса аӡын аанҵәоны. Уа ҳаибабон Розитеи сареи, избанзар апансионат "Черноморец" аҿы ҳаҩнан. Убас шакәызгьы, Розита лыԥсы ахырӡааны исалымҳәацызт Руслан аибашьра дыҟоуп ҳәа, саргьы, избан сыздыруам аха, сазымҵааит. Иҟалап, Руслан иҟазшьақәа шыҟаз ҳәа сгәы иаанагоз ала, афронт дацәыхароуп ҟасҵазаргьы.
© Foto / из архива Марины БарцыцРуслан Ҭаниа иеибашьратә ҩызцәа рыгәҭа.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Руслан Ҭаниа иеибашьратә ҩызцәа рыгәҭа.
Иқәҿиарамхаз Марттәи ажәылара ашьҭахь, телевизорла иҳаларҳәеит Арӡынба иқәҵарала афронт ацхырааразы аҳәса рбаталион аиҿкаара шырҭаху. Аибашьраҿы имаҷҩымызт аҳәса, аха иазымхошәа рбазар акәхап, афронт ацхыраара аҭаразы иӡбан иҵегь хатәгәаԥхарала ицарц зылшо агәыԥқәа реиҿкаара. Уи аҽны сара ателехәаԥшраҟынтәи сцеит уи абаталион аиҿкаара иазку асиужет ҟасҵарц. "Черноморец" санааи, Розита иласҳәеит абас аҭыԥҳацәа рахь ааԥхьара ҟаҵоуп, ибылшома бсыццарц ҳәа. Уи акәхеит, ҳҩыџьагьы ҳҽааибаркны авоенкомат ахь ҳцеит. Исгәалашәоит, авоенком д-Ҷедиан. "Баба, ишәылшома, шәцоит, аха?" ҳәа дҳазҵааит акырынтә. "Ишԥаҳалымшо" ҳҳәахын, ҳдәықәлеит, агәырҵәҟьа аҟаҵашьа шаҳзымдыруаз ӡаны.
Ажәакала, аҵара ҳдырҵеит Афон агоспиталь аҿы, нас Ешыра лбаа апансионатқәа руак ахь ҳаргеит. Абра иалагеит Руслани сареи аҩбатәи "ҳаибадырра". Абар иара ишигәалашәо уи амш:
"Гена Џьыкырба дыҩны дааит, "Русик уааи, уааи ара избаз аӡӷабцәа убап, иусырдыруеит" иҳәеит. Сахьааҩналаз, саҳәшьа Розитеи бареи… "Шәаазгеи бара, шәеилагама?!" сымҳәеи. "Актрисара абаҟоу, амедиаҳәшьара абаҟоу, шәа шәабаҟоу" ҳәа смыҳәҳәеи!" - ҳәа.
Убасҟан сара еилыскааит, ашьац иаӷрамгыло ҳәа сгәы иззаанагоз Руслан Ҭаниа ахәцәа злалырго "ацхыраара лас" амашьына шныҟәицоз. Автомат шьҭыхны аибашьра аасҭа амашьынарныҟәцара еиҳа имариоуп ҳәа угәы иаанаганоума уахь узцаз ҳәа Руслан иахьа сихлафаауа исҭаз азҵаатәы дыччо абас аҭак сиҭеит:

"Мап, мап, абџьар зку ихы ихьчаратә еиҳа аҭагылазаашьа имоуп аибашьраҿы, амашьына ныҟәызцо иаҵкьыс. Раԥхьа уи сзеилкааӡомызт. Сара сгәы зызкыз ихәыз ауаа рыԥсы аиқәырхара, ма иршьыз ралгара акәын… Уа знык саннеи, ишымариамыз збеит, аха шьҭахьҟа ахьаҵра ԥхасшьеит... Ашәара ансызцәырҵызгьы ыҟан, аха нас, санашьцыла, агәхьаагьы сымаӡамызт", - иҳәеит.

Руслан ишеиҭеиҳәо ала, иара амашьынарныҟәцараҿы аԥышәа иман, аҭынч ԥсҭазаараҿы амашьына хәыҷ иман азы, насгьы, зны-зынла атеатраа рмашьынагьы ақәтәатәыс ианиоулоз ҟалалон.
Аибашьра ианалага, "Золотой берег" ҳәа иахьашьҭоу аибашьцәа рбаталион аҽеизгара иаҿын (3-тәи амотохысратә баталион). Мызкы иҩызцәа, атеатр аҿы аус зуаз Џьумбер Чамагәуеи, Валера Қацәбеи, иареи уа иҟан, урҭ рҩыџьагьы атеатр аҿы аус ицыруан уаанӡа.
"Ус, Валера машьынарныҟәцаҩыс Ешыраҟа диасит. Уи уахь даниас, уара, еиҳа ахысра ахьыҟоу сагьашьцылап убрахь акыр ыҟазар еилкаа ҳәа адҵа исҭеит. Мчыбжьык ашьҭахь данаа, "амедицинатә машьына амашьынарныҟәцаҩцәа рҭахуп" иҳәеит. Уи акәхеит, уантәи сиасит Ешыраҟа 1993 шықәса ажьырныҳәа 10 ма 11 шыҟаз. Абџьар кны сеибашьырц акәын гәҭакыс исымаз, аха, уа саннанага, Гәырам Шьоуа, Вика Ҳашыг рмедбаталион аҿы саанхеит. Валера иашьа Рафик Қацәбагьы уа дыҟан, уигьы уаанӡагьы дыздыруан. Мераб Бигәаа аԥхьа днаргыланы издыруаз рацәаҩын азын, уа сынгыларц сыӡбеит. Нас ҳаишьцылт. Ԥыҭк ашьҭахь апозициахь сцо салагеит. Ҳара ҳахьыҩназ акорпус аҿы аимадаҩцәа, иҷыдоу аҟәша ыҟан", - игәалаиршәоит Руслан урҭ аамҭақәа.
Абасала, Руслан ахәцәеи ишьызи ралгара иазкхеит иеибашьратә ԥсҭазаара. Аԥхьаҩцәа ирасҳәарц сҭахуп, "ацхыраара лас" аԥсҟы зку иԥсҭазаара афронт аҿы ашәарҭара ду ишҭагылоу. Ахқәа ивыҟьҟьа ишцо, даанымгылаӡақәа иҭыԥ аҿы днаӡароуп, абџьар ивазаргьы, ахархәаразы аамҭагьы имам амашьынарныҟәцаҩ.
"Амашьынарныҟәцаҩцәа ҩыџьа ыҟазар акәын, аӡә дырхәыр егьи аԥсҟы икырц. Абџьар зегьы ианрырҭоз сара исымгаӡеит. Амашьына аԥсҟы кны ушцо уаӷа даауԥылар, уавтомат уҩахаанӡа усгьы уишьуеит. Убас бџьарда аибашьра сахысит. Акы заҵәык, Аҟәа ҳаналалоз Марина Ҭаниа аботаникатә баҳчаҿы даныршь, лабџьар сара ишьҭысхит. Гәырам Шьоуа иасҳәеит ианаҭаху ишсыргьежьуа", - игәалаиршәоит Руслан аибашьра адаҟьақәа.
© Foto / из архива Марины БарцыцҲаибашьцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Ҳаибашьцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан.
Аибашьра нҵәаанӡа сыла иабоз атәы еиҭасҳәозар, ажәыларақәа аныҟаз, ианшәарҭаз, ахқәеи артҟәацгақәеи ахҩахаха анурымҭоз аамҭазы, ацхыраара иаҳәоз агәыԥқәа рахь Викториа Ҳашыг илышьҭуаз дреиуан Руслан Ҭаниа.
Сара схәыцуан, абри аҷкәын абас агәымшәара илазаарын, аибашьра ҟалаанӡа ишԥасызгәамҭацыз ҳәа. "Руслан, вперед", - ҳәа Вика лыбжьы ангалакгьы, лажәа ҩбамтәқәа Русик ҳәа заҳҳәоз амашьынарныҟәцаҩ ихы шхаз имашьынахь деихон. Дгьежьны даанӡа, зегь рыԥсы ӡаны итәан. Дара, убарҭ амашьынарныҟәцаҩцәа зегьы хынҳәаанӡа убас акәын, избанзар ишәарҭан, избанзар еибашьран.
"Гәыла зегь еиԥшӡам. Ишәоз ираҳҳәон. Угәы шәозар, ара уҟаз, арантәи Гәдоуҭаҟа ахәцәа гала ҳәа. Ачқәынцәа - Мераб Бигәаа, Гена Џьыкырба (дҭахеит), Гарик Џьыкырба, Даур Барцыц (аибашьра ашьҭахь идунеи иԥсахит) уҳәа аума рылшеит аибашьраҿы ахәцәа ралгаразы", - иҳәоит Руслан иҩызцәа рзы.
Имшәо агаӡа иоуп рҳәоит, аха аибашьраҿы ашәарагьы уҽауҭар бзиам, уус узынагӡаӡом. Руслан иӡаӡом раԥхьа ишицәыуадаҩыз, ашәарагьы шицрасхьаз, аха нас ихы дшаиааиз.
"Агәаӷьра сымоуп ҳәа сгәы иаанагомызт. Аха, уҩызцәа урывагыланы еибашьра уанындәықәлалакь, уашьцылоит. Нас ашәара ухашҭуеит. Аӡә иҳәашьала, "Ԥхьаҟа" ауп узызхәыцуа", - иҳәоит иара.
© Foto / Елеонора Коӷониаԥҳа лархив аҟнытәРуслан Ҭаниеи Елеонора Коӷониаԥҳаи
Руслан Таниеи Елеонора Коӷониаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Руслан Ҭаниеи Елеонора Коӷониаԥҳаи
Руслан Ҭаниеи сареи абри анҵамҭазы ҳанеиқәшәа, иаҳгәалаҳаршәон аибашьра ишацыз алафгьы, алахҿыхрагьы. Аибашьҩы игәалаиршәеит игитара лымкаала сара исызкыз ашәа шациҳәоз:
"Даур Барцыц ҽнак дсазҵааит "уара абри Коӷониаԥҳа лылахь зеиқәуи" ҳәа. "Она влюблена", - сҳәеит сара. "Уааи, убри иахҳәааны ашәа ҳҳәап" иҳәан, нас иаҳхәыцит Верешьагин ихәаҿы иҟаз бара б-Анзори бареи ишәызкны ашәа: "Элеонора, Элеонора влюбилась в разведчика Анзора". Иареи сара апозициахь ҳанцозгьы, амҩан иаҳҳәон ибызкыз ашәа. Уи адагьы, Виктор Цои иашәақәагьы ҳҳәон агәырхаҵаразы", - еиҭеиҳәоит Руслан усҟантәи аҭоурыхқәа.
© Foto / из архива Марины БарцыцДаур Барцыци Ҭали Џьапуаԥҳаи.
Даур Барцыци Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Даур Барцыци Ҭали Џьапуаԥҳаи.
Ашәа рҳәалон дара хақәиҭрак анрымаз. Уи аҵыхәала Гәырам Шьоуа ҵаҟатәи аштаб ахьгьы днаргахьан. Гәыбӷан ирҭахьан. "Уара, шәызҿуи, ишәыхьзеи иҳәеит ҽнак Гәырам даакылсын. Абас аштаб ахь исыԥхьеит, ауаа аҭахара иаҿуп, шәызҿу закәи ашәа ҳәо, иҟои убра ҳәа исазҵааит иҳәеит. Даур Барцыц уи аҭакс абас иҳәеит: "уара, Гәырам, иҟоу удыруоу, "Отец солдата" афильм умбахьеи? Ашәа умҳәар лаӷырӡыла мацара агәкаҳара ҟалар ауеит, ас аиааира узгома, ажәыларахь ицо ргәы рҿыханы иҳашьҭуеит иҳәеит. Нас, Гәырам дааиԥхьхәыцаан, "иҟоу жәдыруоу" иҳәеит, "абри аштаб аганахь акәымкәа ахыбра егьи акорпус ахь шәцаны ашәа шәҳәала, шәкәашала, ишәҭаху ҟашәҵала". Убри ашьҭахь "ҳашәаҳәаҩцәа" рҭыԥ рыԥсахит, ҵаҟатәи аштабуаа рыбжьы ахьырмаҳауаз акорпус егьи аган рҽарҭеит.
© Foto / из архива Марины БарцыцГәырам Шьоууа
Гурам Шоууа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Гәырам Шьоууа
Алаф анаҩс, Руслан аибашьра адәы дазыхынҳәуан ҳанеицәажәоз. Иара игәалаиршәеит иҭра дыҭнарҟьаратәы ишәарҭаз аҭагылазаашьа. Игәымшәоу иоуп ашәара атема алацәажәарагьы зылшо. Руслан аҽырбабареи аҽцәыргареи ирышьҭам уаҩуп, уи ауп ари аицәажәара аарла дзазаазгазгьы. Аибашьҩы игәалаиршәоит раԥхьатәи иԥышәара, уи иацыз ауадаҩрақәа:
"Марттәи ажәылараан акәын, усҟан сара уамак аԥышәа сымамызт. Мизан Куроӷлы амашьына аԥсҟы икын, сара сиватәан. Амни "Ангар" ҳәа иахьаҿыз ҳаҟан. Аԥсы дҳарҭеит, ихәызгьы дыҟан, иалганы абазахь иааҳгарцаз. Амҩан апулемиотқәа рыла иҳажәырҵеит. Сара саншәа, амашьына ашьҭахьтәи аҭатәарҭаҿ скаиеит, уи Мизан ианиба, иаргьы ашәара ҟаиҵеит. Раԥхьаӡа убасҟаноуп ашәарҭарахь сшьаҿа шеихызгаз анеилыскаа. Убасҟан сшәеит – имшәо агаӡа иоуп азы… Мизан "Русик, уабаҟоу?" ҳәа аҿыҭра далагеит. Сара аарла сыбжьы геит. "Ара сыҟоуп, ара сыҟоуп" сҳәеит. Нас ҳаԥсы анаҳга, иаҳаулакгьы аҭыԥ аҿы ҳнаӡеит. Ԥыҭк анҵы, еиҭа идәықәлатәхеит ахәцәа ралгаразы. "Еиҭа ҳцома, Русик?" ҳәа дсазҵааит Мизан. Шьҭахьҟа гьежьышьас исымааз?! Абааԥс, бригадак цеит, аха ҳаргьы ҳцароуп схәеит. Ушәаргьы, умшәаргьы уцар акәын. Убас хәыҷы-хәыҷла сашьцылеит. Уажә имариоуп аҳәара, аха уи аҭагылазаашьаҿы даара ишәарҭан".
Руслан игәалашәарақәа рҿы инханы иҟоуп хашҭшьа змам ахҭыс. Уи азкуп аибашьраҿы аԥҳәыс иаалырԥшуа аҟазшьа.
"Ирма Дочиа ӷәӷәала дыхәны ацҳа аҵаҟа дгылан. Ацхыраара лызрыҭомызт. Ешыратәи ацҳа иаҵагылоу ашьаҟа дуӡӡа давагылан. Ӷәӷәала ахысрақәа цон. Дырбон, аха уахь неишьа ыҟамызт. Абааԥс, ичҳа излауала ҳәа ҿаҳҭуан арсынтәи. Ашаха ыршәны дузаагомызт, дшааугоз дыршьуан. Дыхәны дшыҟазгьы, Ирма шьыжьы инаркны хәлаанӡа убра дшадгылаз илхылгеит. Нас, сара даҽаџьара сдәықәырҵеит, аха ашьҭахь еилыскааит дшалыргаз. Аиаша басҳәоит, аибашьраҿы амедиаҳәшьцәа иаадырԥшуаз агәымшәара уажәгьы уамашәа избоит", - иҳәоит Руслан.
© Foto / лхатә архивИрма Дочиа
Ирма Дочиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Ирма Дочиа
Сара сҽазысшәеит Руслан еиҭеиҳәо ахҭыс зызку аветеран лыԥшаара. Ирма Дочиа иахьа агәамбзиара ду шлымоугьы, аинтернет ахархәарала слацәажәеит. Лара ишылгәалашәо ала, уи ԥхынгәымзазы (иуль) акәын. Ахы лрыԥҳа иаахеит. Ирма илгәалашәоит уи аҭагылазашьаҿы лалгараҿы ацхыраара лызҭаз: Мадина Дасаниа, Мураҭ Гамсаниа, Сиузанна Багаҭелиа, Дорофеи Џьынџьал шракәу. Нас, агоспиталь аҟынӡа машьынала дыргеит Жанна Кәыҵниеи Клара Чыргбеи.
"Аӡы ахықә аҟынӡа схала сҳәазаны снеит, нас Мураҭ Гамсаниа сидҿаҳәалан аӡы сыригеит, сыхәрагьы шәарҭан аиашаз. Агоспиталь аҿы саннарга, сԥиҟеит ахирург Славик Аргәын", - лҳәоит уи аамҭа лгәаларшәо.
Зыӡбахә сҳәо аҭыԥҳа усҟан илхыҵуан 18 шықәса. Аибашьра ашьҭахь Ирма аҭаацәара далалеит. Иахьа лыԥҳа 15 шықәса лхыҵуеит. Ирма уажәгьы ачымазарақәа ддыргәамҵуеит, ацәажәарагьы рацәак илылшом, аха лареи сареи ҳаицәажәеит лгәы алаҟаны даныҟало ҳшеиқәшәо азы…
© Foto / из архива Марины БарцыцРуслан Ҭаниеи амедицина-санитартә баталиони.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Руслан Ҭаниеи амедицина-санитартә баталиони.
Аибашьра анеилга, сажәабжь афырхаҵа Руслан Ҭаниа амашьына аԥсҟы акра мап ацәимкит. Иахьа уажәраанӡагьы аус иуеит абизнес иатәу фирмак аҿы, атеатр уаҳа дазыхнымҳәӡеит.
"Аибашьра анеилга раԥхьашәа аминақәа рыҵхра иазку "HALO Trust" анаадырт убра сыҟан. Нас амашьынарныҟәцарахь сиасит. Анкьа сшынхоз сынхоит, уамак сзымӷьацеит ишыббо", - иҳәеит Руслан, мал дук арҳара дшазкым аарԥшуа.
Руслан иԥшәмаԥҳәыс Џьамилиа Склиаровеи иареи драаӡеит аԥҳа Асида. Уи иахьа дҭаацәароуп. Руслан иԥшәмеи иареи ҩыџьа амаҭацәа рымоуп, урҭ рааӡара даргьы алахәуп.
"Аибашьра ианалагаз сҭаацәа аԥхьа Москва иҟан, нас Гагра анҭадырцәы, "Энергетик" захьӡыз апансионат аҿы иҟан. Сан, сыԥшәма, схәыҷы – зегь џьарак иҩнан. Амала шамаха сцомызт уахь, аха абаҟаз... Сцаргьы, ирлас сгьежьуан. Гәырам "уахыки ҽнаки усҭоит, уҭаацәа баны уаа" иҳәон. Амала алеишәа ҳәа иҳамааз усҟан! Усҟан ҳшыҟаз абыржә ҳҟалар шԥабзиаз. Егьа шықәсыла уиеиҳабызарагьы, акомандир ииҳәаз нагӡатәын, убри ауп Аиааира заҳгазгьы", - абас дхәыцуеит Руслан иахьа.
© Foto / иҭаацәаратә архив аҟнытә

Руслан Ҭаниеи иԥшәмаԥҳәыс Џьамилиа Склиаровеи

Руслан Ҭаниеи иԥшәмаԥҳәыс Џьамилиа Склиаровеи - Sputnik Аҧсны
1/2

Руслан Ҭаниеи иԥшәмаԥҳәыс Џьамилиа Склиаровеи

© Foto / иҭаацәаратә архив аҟнытәРуслан Ҭаниа иҭаацәеи иареи
Руслан Ҭаниа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/2
Руслан Ҭаниа иҭаацәеи иареи
1/2

Руслан Ҭаниеи иԥшәмаԥҳәыс Џьамилиа Склиаровеи

2/2
Руслан Ҭаниа иҭаацәеи иареи
Ажәеи ажәеи еихҳәаало, зегь акоуп Русик марттәи ахҭысқәа рахь дгьежьуан:
"Даара ишәарҭан Марттәи ажәылараан. Аӡы ирыз аҷкәынцәа рахьтә амина иахаԥжәаз рыбжьы гон "шәҳацхраа" ҳәа. Ҵаҟатәи Ешыра аҭабиақәа иҟаз рҿы досу рпозициақәа кны иҟан. Сдәықәлоит ҳәа саналагоз, Инга Барцыц – уа ихәым рыцуп, аранӡа иааргар нас шәус шәара ижәдыруеит лҳәон. Убрахь урыр, баша уҭахоит лҳәон Марина Барцыцгьы. Досу иус даҿызар акәын, сара сзызкыз ирхәуази иршьуази машьынала ралгара акәын, аха сгәы иауамызт, ацҳа арсрахь сгәы сыхон. Аҷкәынцәа ацҳа иқәлан ихәыз рыман иандәықәл,а Виолетта Клиевскаиеи (дҭахеит) сареи ҳҳәазаны мацара руаӡәы далаҳгеит. Нас Асҭамыр (Астик) Шьоууа, амилициаҿы аус иуан аибашьра ҟалаанӡа, уи ибӷашшара ахы аахеит. Уи Марина Барцыц далылгеит. "Ангар" дыргылеит уажәы Владислав Арӡынба дахьжу аԥхьа, хыԥхьакырҭас иҳамазгьы убри акәын. Убранӡа унеир акәын ирласны - аснаипергьы уимкуа, ахгьы укьымскәа. Анцәа ҳихьчеит. Смашьына ахқәа акырынтә иаахахьан, аха ахыб ауп изӡывасыз. Мчык ыҟазар акәхап, сихьчеит иаҳхылаԥшхәу. Аӡы сӡаахын, аџьаргьы схоуп, уигьы сыхәазар акәхап".
© Foto / из архива Марины БарцыцАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амедицина-санитартә баталион алахәылацәа.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амедицина-санитартә баталион алахәылацәа.
Руслан шамаха зыӡбахә имҳәоз ахҭыс сзеиҭеиҳәарц сиҳәеит. Абар иара игәалаиршәаз:
"Шәеиха, шәеиха, ахәцәа рацәаҩуп ҳәа Гәырам ианиҳәалак, ҳдәықәлон. "Целлофановый" (анкьа ацех ыҟан, ацеллофан ҭрыжьуан - Е. К.) аҿы Арӡынба дахьынхоз ала улбааны мҩак аман, убра амашьынарныҟәцаҩ Митиа Хьиба заҵәык ихала дынхеит, ацхыраара иҭатәын. "ЕрАз" акәын имаз, дахьӡаӡомызт ихала. Сицхраарц ҳәа сҿанынасха, абзарбзан хы ԥжәеит. Сара искьымсӡеит, сеиқәхеит, аха ихәыз аӡә ибжьы гон. Ухы уҩахар, иухырхуеит, атәыла бгон. Сҳәазаны снеин, "хәыҷык ухы узахәома?" сҳәан, "аиеи" иҳәеит. Аха дызгылаӡом, имч хомызт. Угылар, удрыԥхуеит. Иҟасҵоз? Сҳәазаны снеин, излауаз ала сыбӷа дықәысҵашәа зуит. Сдәықәлеит, аха исзымариамхеит. Ус ҷкәынцәақәак сыхьӡеит, нас, иаргьы саргьы ҳаибаркны ҳалыргеит. Смашьына аҟынӡа ҳнаргеит. "Уажәшьта дга, деиқәырха" рҳәеит. Ешыранӡа дназган, сеиҭагьежьит, амала ижәла сгәалашәом".
© Foto / из архива Марины БарцыцРуслан Ҭаниа
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Руслан Ҭаниа
Аибашьра еибашьран, аха ауаҩытәыҩсатә ԥҟарақәа рхыԥара иашамызт. Аӷацәа иреиуаз дыхәны дрыднагаларгьы, ацхыраара ирҭар акәын.
"Гәырам Шьоуа еснагь иҳәон, ҳара ҳполитика – дазусҭазаалакгьы, ҳаӷа иоума, ҳашьцәа роума, реиқәырхара", - игәалаиршәоит Русик.
Абри инамаданы еиҭеиҳәеит гыруак иԥсы аԥсуаа ишеиқәдырхаз:
"Ахысбыжьқәа рышьҭахь, гыруак ила лашара амбо аӡы дҭысны дҟьалан ҳа ҳтәқәа рахь даанагеит. Дҭыргеит. Абзарбзан аныԥжәа, илақәа аҳәынҵәа рыхҭәалан ак имбо, дахьцо изымдыруа дыҟан. Уигьы далыргеит ҳа ҳтәқәа, нас даанрыжьуазма?! Раԥхьатәи ацхыраара изыҟарҵеит, абазахь ддәықәырҵеит, амала анаҩстәи илахьынҵа сыздырӡом".
Иахьа аибашьра аветеранцәа рыбзазара дазхәыцуа, ҳаиԥырҵымҭазы Руслан абарҭ ажәақәа иҳәеит:

"Сара аполитика салалом. Аӡә дыбзиоуп, аӡә дыцәгьоуп сҳәом, аха аветеранцәа иҵегь ахылаԥшра рҭахуп. Ауаҩы деибга дызҩыда аибашьра далсзаргьы, уи игәабзиара ианымԥшыр ауӡом. Иҭахаз адамра иаҳмырсааит. Зыԥсы ҭаны иаанхаз зегь срыкәахшоуп. Аиааира амш ду рыдысныҳәалоит аибашьра аветеранцәа зегьы!"

P.S.: Руслан Ҭаниа аибашьра аамҭазы ихыҵуан 33 шықәса, иахьа 63 шықәса дырҭагылоуп. Ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал. Дынхоит Аҟәа.
30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2017
Аҟәа ҳшалалаз
Ажәабжьқәа зегьы
0