Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Лавров: иахьа иӡбахоит адунеи ԥхьаҟатәи ашьақәгылашьа зеиԥшрахо

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Армении С. Лаврова и А. Мирзояна
Встреча глав МИД РФ и Армении С. Лаврова и А. Мирзояна - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Анапаҵаҩра
Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит адунеи аҿы "ахьтәы миллиард" аҭахрақәа рымаҵ зуаз мчрак аҳра анауаз аамҭақәа шьҭахьҟа ишынхо, иахьазы асуверентә ҳәынҭқаррақәа рышьақәгылара шьаҿа-шьаҿала ишкылнаго азинеиҟарареи асоциалтә хырхарҭеи змоу амчра рацәала ишьақәгылоу архитектурахь.
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ЕАР Ассамблеиа хадаҿы иқәгылараан аҳәамҭа ҟаиҵеит жәларбжьаратәи ашәарҭадара амаџьанахара ишаҿу, иахьатәи аамҭазы имҩаԥысуа ахҭысқәа адунеи ԥхьаҟатәи ашьақәгылашьа шҳәаақәырҵо.

"Зҵаарас иҟоу уи ауп, адунеи зхатә ԥҟарақәа урықәныҟәарц уадызцало гегемонк дахагылоу, мамзаргьы адемократиатә, ииашоу, шантаж злам, аӡәгьы дахьдмыршәо, анеонацизми анеоколониализми ахьыҟам адунеи акәхо", - ҳәа инаҵишьит Лавров, иагьациҵеит Урыстәыла "мҩашьарада аҩбатәи адунеи шалнахуа".

Аминистр иазгәеиҭеит мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика жәларбжьаратәи аинститутқәеи жәларбжьаратәи азини рыгәрагара шыҵнашәаауа.
"ЕАА ирҭахуп аҭоурых еикәшара ааныркыларц, дара ргәы иаанагоит иахьымхәыкәа ирҭаху ишырҭаху ҟарҵаларц есымша ирылшоит ҳәа", - иҳәеит Сергеи Лавров.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит иарбан халаԥшьгаразаалакгьы мраҭашәаратәи атәылақәа шәарҭараны ишрыдыркыло, убас ала ЕАА рзы агрессиа аҭыԥс иҟалар алшоит адунеи иарбанзаалак акәакь аҿы иҟоу иарбанзаалак атәыла.
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Уганду - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Лавров: Урыстәыла аганахь ала Мраҭашәара имҩаԥнаго анашԥа-еибашьра аиԥш ҟамлацт
Иара убас аминистр иазгәеиҭеит НАТО амчра Европа мрагыларахь аларҵәара адагьы, азиатәи аҵакырахьгьы ахьаԥшра ишалагаз. Убас, Мадрид рашәарамзазы имҩаԥысыз асаммит аҿы дара аҳәамҭа ҟарҵеит "Евроатлантикеи Индо-Океанҭынчтәии арегиони ршәарҭадара шузеиҟәымҭхо", азҵаара хадақәа иахьрылацәажәаша иарку аформатқәа раԥҵара ахәҭоуп ҳәа ирҳәаз ргәалаиршәеит. Ари АСЕАН акәша-мыкәша иҟоу иаарту жәларбжьаратәи аинклиузивтә архитектура ҵнашәаауеит иҳәеит иара.
Уи адагьы, аминистр ааԥхьара ҟаиҵеит ЕАР Вашингтон иҟанаҵо анырраҟынтәи ирыхьчарц, уи аҳәынҭқарра-лахәылацәа зегьы рҭахрақәа рбаланс аԥшааразы ииашоу аилацәажәарақәа рзы уаанӡа иамаз ахыԥша дырхынҳәырц.
Ажәабжьқәа зегьы
0