Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа аҭоурыхтә баҟақәа рсиазы: иззымхәыцкәа ус баша ҵак змам ҳәа ак аным

Џьопуа аҭоурыхтә баҟақәа рсиазы: иззымхәыцкәа ус баша ҵак змам ҳәа ак аным
Анапаҵаҩра
Аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа аобиектқәа рсиа аиҭакрақәа ралагалара иаҭахны иҟоума, насгьы иарбан хыбрақәоу аинвестор иуҭар зылшо, абри азы арадиоефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Аиҳабыра рхаҭарнакцәақәак иаадырԥшуеит агәаанагара аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа аобиектқәа ишьақәырӷәӷәоу ареестр аиҭакрақәа алагалатәуп, обиектқәак ари асиаҟынтәи иалгатәуп ҳәа. Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, аҭоурыхтә баҟақәа рсиа ашьақәыргыларазы аусурақәа ирылаган аибашьра ҟалаанӡагьы.
"Аԥсны имаҷым ажәытә баҟақәа, аха дара зегьы хьчатәуп. Асиа иану иззымхәыцкәа ус баша ҵак змам ҳәа ыҟам, уаҟа иарбоу аҳәынҭқарра иахьчаша обиектқәоуп. Дара зегьы рышьақәыргылара аҳәынҭқарра ахахьы иазгом, аинвестор ухы даурхәозар, уи иаанагаӡом иара иҭатәуп ҳәа. Арендала, аамҭала иуҭаша аобиект ыҟазар ҟалоит, иумҭашагьы ыҟоуп. Тҟәарчал игылоуп аҩн бзиақәа 40-50 ашықәсқәа рзы иҟаҵаз. Иахьа дара аилабгара иаҿуп. Ас еиԥш иҟоу аҩнқәа еиқәырхашьас ирымоу иазхәыцны иҟаҵатәуп. Аҟәа иҟоу ажәытә ҩнқәа иахьа аӡәы инаиҭаны иара ишиҭаху иааҟаҵаны иҟалом ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Гәылрыԥшь иҟоу Смецкои иҩны аиԥш зманы иахымыҽхәаша ҳәынҭқаррак ыҟоуп ҳәа сыҟам ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа, ҳара зегьы еилаԥсаны ҳалгеит иҳәеит иара.
"Ас еиԥш иҟоу аҩнқәа знапаҵаҟа иҟоу асиақәа рымазароуп. Урҭ рыҟаҵара ауеит аинвестор ила, аха хатә малла имҭакәа, аамҭа азыԥҵәаны, убри аан ажәытә хаҿсахьа аманы ишьақәиргылауа иаҭахуп. Уи аҭира азин ыҟамзароуп", - иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0