Нхыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҿы АҶ аусура алагалахар ҟалоит

© Sputnik / Владимир Иванов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие автомобильного пункта пропуска "Верхний Ларс"
Открытие автомобильного пункта пропуска Верхний Ларс - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Анапаҵаҩра
Аурыс-ақырҭуа ҳәааҿы аус зуа аужьҭырҭатә ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп "Ҟазбеги - Аҩадатәи Ларс".
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Қырҭтәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи рҳәаа аҭагылазаашьа ахәшьара азыруеит, аҭагылазаашьа ҷыда аусура аларгалар алшоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости арегион ахада Сергеи Мениаило "Соловьев Live" аефир аҟны иажәақәа шьаҭас иааганы.
"Иацаахыс аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы иргылоуп аоперативтә гәыԥ. Уажәазы Қырҭтәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи рҳәаа аҭагылазаашьа ахәшьара азыруеит, иҟалоит аҭагылазаашьа ҷыда ааусура алазгалар, аамҭалатәи аангыларҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара, избанзар уа аҳәсеи ахәыҷқәеи рацәаҩуп. Ирацәаҩуп ахацәа", - ҳәа иҳәеит Мениаило.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, аҳәаа ахысырҭатә ҭыԥ "Аҩадатәи Ларс" аҿы х-нызқь инареиҳаны автомашьына ԥшны игылоуп. Мениаило иажәақәа рыла уажәы уаҟа аус руеит ацхыраара лас амашьынақәеи АҶА аусзуҩцәеи.
Иара убасгьы иҳәеит аҳәааҿы аус шауа амобилизациатә ҭыԥ, амчрақәа роперативтә гәыԥи, арратә комиссариатқәа рхаҭарнакцәеи, аҩнуҵҟатәи аусбарҭа аусзуҩцәеи Нхыҵ Уаԥстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иаҵанакуа ауаа ааԥхьашәҟәқәа рырҭоит. Мениаило иҳәеит ара еиҳарак еизаз Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи иааз шракәу.
Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Лаша Ашәба Урыстәыла имҩаԥысуа амобилизациа иаҵанамкуа Аԥсны атәылауаа ртәы иҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0