Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Белоруссиа Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара азҵаара ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Анапаҵаҩра
Александр Лукашенко Аԥсны даҭааит цәыббра 28 рзы. Ари раԥхьаӡатәи Беларуссиа ахада иофициалтә ҭаароуп.
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аԥсни Белоруссиеи реизыҟазаашьақәа рҿы иҿыцу ахырхарҭа аиуоит иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа Беларуссиа ахада Александр Лукашенкои иареи реиԥылара аихшьаала ҟаҵо. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Беларуссиа ахада Александр Лукашенко Аԥсныҟа иаара афакт иҳанаҳәо рацәоуп - ҳазҭагылоу аамҭазы ҳаизыҟазаашьақәа аҟазшьа ҿыцқәа аархәоит, ҳаимадарақәа еиҳа ирццакны аҿиара иалагоит. Агәыӷра сымоуп шьаҿа-шьаҿа уи ҳшазнеиуа (ахьыԥшымра азхаҵара - аред. азгә.). Ари азҵаара аҭак саԥыҩлар сҭахым, аха ари аҩнду раԥхьатәи ақьырмыт азышьҭаҵоуп. Ари аҩыза афакт аҭыԥ амоуп. Аиԥылара бзианы имҩаԥысит", - иҳәеит Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит, Александр Лукашенко Аԥсны зыхиақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқарран ишьақәгылежьҭеи раԥхьаӡа акәны дшааз. Бжьаниа иҳәеит аиԥылараҟны ишалацәажәаз аекономика иадҳәалаз азҵаарақәа, агәыӷрагь ааирԥшит ахәынҭқарратәбжьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиара шаиуо.
Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с Президентом Республики Беларусь Александром Лукашенко. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Аԥсны
Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0