Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада ицхырааҩ еиҭеиҳәеит ҩ-тәылауаҩрак азы Аиқәшаҳаҭра аус шауа

© Sputnik Табылды КадырбековСотрудник избирательной комиссии на участке №8159 в посольстве России в Киргизии вносит сведения из паспорта гражданина РФ, пришедшего проголосовать на выборах депутатов Государственной Думы РФ, в список избирателей.
Сотрудник избирательной комиссии на участке №8159 в посольстве России в Киргизии вносит сведения из паспорта гражданина РФ, пришедшего проголосовать на выборах депутатов Государственной Думы РФ, в список избирателей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Анапаҵаҩра
Цәыббра 27 азы Москва анапы аҵаҩын Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәалараз Аиқәшаҳаҭра.
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Ҩ-тәылауаҩрак амазаара иаанагоит аганқәа рыҩбагьы дасу ртәылауаҩрақәа роура, аха убри аан иҟоуп аҩныҵҟатә закәанԥҵарақәа, арҭ апроцессқәа ҳәаақәызҵо, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Максим Ӷәынџьиа.
"Ирацәаҩуп Аԥсны ари аиқәшаҳаҭра згәы зҽаннаҵаз, 150 миллион иҟоу урыстәылаа ааны Аԥсны атәылауаҩра ргоит ҳәа зҳәоз. Ари зынӡа ииашам. Аԥсны инхо урыстәылаа ирҭахуп закәаншьаҭала иахьынхо аҭыԥ атәылауаҩра рымазарц, иара убри аҩыза азин рҭахуп Урыстәыла инхо аԥсуаагьы", - иҳәеит иара.
Министр иностранных дел Республики Абхазия Инал Ардзинба и Министр иностранных дел России Сергей Лавров подписали Соглашение об урегулировании вопросов двойного гражданства между странами. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Арӡынбеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Ӷәынџьиа иҳәеит Аԥсны аус шауа аҳәынҭқарратә закәан ареспублика атәылауаҩра аиура ҭышәынзыртәало.
Ӷәынџьиа иажәақәа рыла, Урыстәыла атәылауаҩра аиура ирмариоу асхемала 2008 шықәсанӡа ишалнаршаз ареспублика анҭыҵ ҳҿар аҵара рҵартә аҟаҵара, ауаа атәанчахәы роуртә аҟаҵара, атәыла анҭыҵҟа аныҟәараз алшара.
Ӷәынџьиа игәаанагарала Аиқәшаҳаҭра аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит атәылақәа рыҩба реиҩызаратә еизыҟазаашьа.
Цәыббра 27 азы Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Урыстәыла Аԥсны асуверенитет аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра ахьыҟамыз иахҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭара аанкылахеит.
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Аԥсны
Анқәаб Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы аус дырццакырц анапынҵа ҟаиҵеит
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0