Евроеидгыла Белоруссиа ахада Аԥсны иаҭаара иақәыӡбеит

© Sputnik / Владимир АстапковичФлаг ЕС у здания представительства Европейского Союза в Москве.
Флаг ЕС у здания представительства Европейского Союза в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Анапаҵаҩра
Белоруссиа ахада Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофициалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит цәыббра 28 азы.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Евроеидгыла Белоруссиа ахада Александр Лукашенко Аԥсны иаҭаара иақәыӡбоит, абри атәы иҳәеит Бриуссель имҩаԥысуаз абрифинг аҿы Аидгыла адәныҟаполитикатә маҵзура ахаҭарнак Петер Стано.
"Ҳара ҳақәыӡбоит Александр Лукашенко Аԥсныҟа инеира. Ари Қырҭтәыла асуверинитет, аҵакыратә акзаареи жәларбжьаратәи азин еилазгои усны ҳахәаԥшуеит", - иҳәеит Стано.
Александр Лукашенко Аԥсны иҟазаараз Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҷыда ҟанаҵеит Белоруссиа ахада аҳәынҭқарратә ҳәаа еилеигеит ҳәа. Иазгәаҭан Лукашенко арахь иара "жәларбжьаратәи азин анормақәеи апринципқәеи" еиланагоит ҳәа.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР ахада: Аԥсны хьаас иамаӡам Лукашенко арахь иааразы Қырҭтәыла ирҳәо
Ажәабжьқәа зегьы
0