Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәса арратә ҽеизакрахь ишнармыԥхьо

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин на открытии форума "Армия-2021"
Президент РФ В. Путин на открытии форума Армия-2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада идҵала цәыббра 21 инаркны атәылаҿы ирылаҳәан хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакра. Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа рыла, аҽеизакра аҭахуп зықь километра иҟоу иахьеидысло ацәаҳәеи Украина зых иақәиҭтәу аҵакырақәеи рхылаԥшразы.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакра аҳәса аҵанакуам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу, абри атәы акьыԥхьуеит РИА Новости.
"Мап. Уи гәҭакыс иҳамаӡамызт аԥхьаҟагьы. Аҳәса аррахь рааԥхьара ҳгәы иҭаӡам", - ҳәа уи азы азҵаара изҭаз ажурналистцәа аҭак риҭеит Шоигу.
Шоигу иара убас иҳәеит аҳәынҭқарратә аккредитациа змоу икоммерциатәым иреиҳау аҵараиурҭақәа рыстудентцәагьы аҽеизакрахь ишнармыԥхьо.
Атәылахьчара аминистр иазгәеиҭеит ҭагалантәи арранаԥхьара абҵара 1 аҟынӡа иахьнахаз зырра зхызгаз рыхынҳәра аҿҳәара ишаԥырхагамхо.
"Аамҭа ҳахьнахаз зыхҟьаз арратә комиссариатқәа рҿы аилыхара ахьыҟоу ауп. Ҳара иаҳҭахым џьара еилагарак ҟалар. Убри азоуп абҵара 1 аҟынӡа ааԥхьара аҿҳәара ҳазнахаз. Адемобилизациа атәы ҳҳәозар - уа аҿҳәара шыҟац иаанхоит, планла ицоит", - иҳәеит иара.
Встреча министров обороны России и Великобритании С. Шойгу и Б. Уоллеса - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иаҵанакуа рыӡбахә далацәажәеит
Подмосковье Сергеи Шоигу Москва ахада Сергеи Собианини Москватәи аобласт агубернатор Андреи Воробьеви алархәны игәеиҭеит арратә ҽеизакрахь инаԥхьаз аруаа разыҟаҵашьеи иахьындырхо аҭыԥи. Аминистр хаҭала дахәаԥшны ибеит Аконгресс-цәыргақәҵатә центр "Патриоти" арра-патриоттә ҿар рааӡаразы арҵара-методикатә центр "авангарди" рҿы ԥхьатәараҟынтәи иаарыԥхьаз атәылауааи ахатәгәаԥхаҩцәеи ахьындырхо аҭыԥқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0