Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сыԥсҭазаара уагуп, саб": Реваз Ахвледиани игәалашәара иазкны

© Foto / из архива семьи Реваза АхвледианиРеваз Ахвледиани ип,ҳа хәыҷи
Реваз Ахвледиани ип,ҳа хәыҷи - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2022
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақырҭуа аӷа иҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 30 шықәса аҵра аҳаҭыр азы Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иазлырхиеит Гагратәи ажәылараан иҭахаз Реваз Ахвледиани изку анҵамҭа.
Жьҭаара 6, 2022 шықәсазы иҵуеит 30 шықәса Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Усҟан иҭахеит 111-ҩык ҳаибашьцәа. 111 ҭаацәара рыҩнаҭақәа рҟны игеит аҳәҳәабжьы. Ари анҵамҭаҟны иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп Гагра аҭарцәраан иҭахаз Реваз Ахвледиани. Иара лыԥсҭазаара дшагу лҳәеит иԥҳа Милана.
Реваз Борис-иԥа Ахвледиани 26 шықәса ихыҵуан, Гагра араион ахақәиҭтәраан, жьҭаара 1 1992 шықәсазы данҭахоз. Аибашьҩы ажәылара хада ҟалаанӡа ҩыџьа иҩызцәа, аишьцәа Барцыцаа ақырҭқәа иҭҟәаны иргеит ҳәа аниаҳа, ачеченцәа ргәыԥ дацны реиқәырхаразы ддәықәлеит. Аха Ԥсахара ақыҭа ианалала аамҭазы, аӷацәа аҿагылара ӷәӷәа рырҭеит. Реваз убраҟа иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Аибашьҩы анышә дамардеит иаб иҩны Бармышь ақыҭан. Реваз дҭаацәаран, иԥшәмаԥҳәыс, класск аҟны аҵара ицызҵоз Амра Бениаԥҳа лакәын. Реваз данҭахоз иԥҳа хәыҷы Милана шықәсыки ҩымзи ракәын илхыҵуаз.
"Саб иԥсхәы анышьҭырх ашьҭахь, сан слыманы лҭаацәа рахь дцеит. Уаауп иахьсызҳаз. Ацәажәара саналага, хымԥада, сыкәша-мыкәша иҟаз ахәыҷқәа "папа" шырҳәоз саҳауан, саргьы сҵаауа салагеит "сара саб дабаҟоу" ҳәа. Ажәа "аибашьра" иаҵанакуаз абаздыруаз, аха сеиҳабацәа сызҵаара аҭак ҟаҵо исарҳәон "аибашьраҿы дҭахеит" ҳәа. Аиаша шәасҳәап, сҩызцәеи сықәлацәеи "папа" ҳәа еибарыҩуа рабацәа шгәыдыркылоз анызбоз, иузеиҭамҳәо ацәаныррақәа срымҽхаркуан", - лҳәоит аибашьҩы иԥҳа.
© Foto / из архива семьи Реваза АхвледианиРеваз Ахвледиани
Реваз Ахвледиани - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Реваз Ахвледиани
Милана ашкол ахь данца ауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи лаб иҭахареи шеимадаз анылдыр. Убасҟан лара лгәы иҭалкит ахаан ихьӡ шылмырԥхашьо, иԥсы зыхҭниҵаз иԥсадгьыл ԥсыцқьарыла амаҵ шазылуло.
"Абжьаратә классқәа рахь саниас, санду Лили Арсҭааԥҳа исзеиҭалҳәо далагеит саб иуаҩышьа зеиԥшраз. Иара аҩызцәа рацәаҩны иман, иҟазшьа бзиан, деилҟьан. Иҭаацәа ныҟәигон, аусура дацәаашьаӡомызт. Санду слакҭа данҭаԥшуаз, лԥа дхәыҷны длыдтәалазшәа лгәы иабон. Аха срыцҳашьаны лылаӷырӡқәа слырбаӡомызт", - илгәалашәоит амаҭа.
Реваз мызки бжаки роуп аӷа диҿагыланы дахьеибашьыз, аха иара иеиԥш иҭахаз аҵеицәа ирыбзоурахеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу раԥхьатәи аиааира.
"Ашкол санҭаз, егьараан амҩа саныланы саннеиуаз, саб иҩызцәа аангыланы сани сареи иҳаԥсҭазаашьоу иазҵаауан. Иаҳҭахны иҟалозар, рыцхыраара ҳадыргалон. Иахьа уажәраанӡагьы дыргәаладыршәарц иҳаҭгәын ахь инеилоит. Уи даара ҳаҭыр сзақәуп. Иҵабыргны, дышуаҩ бзиаз снардыруеит", - лажәа иацылҵоит аԥҳа.
© Foto / из архива семьи Реваза АхвледианиРеваз Ахвледиани Амра Бениап,ҳаи
Реваз Ахвледиани Амра Бениап,ҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Реваз Ахвледиани Амра Бениап,ҳаи
Милана лаб афотосахьақәеи аиҳабацәа ражәабжьқәеи рыла ауп дшылдыруа. Аԥҳәызба лыԥсҭазаара аб иҟамзаара аныԥшыртә иҟаимҵеит ааигәа зыдунеи зыԥсахыз ланшьа Адик Бениа. Хымԥада, ахәыҷы иани иаби аӡәгьы изыԥсахуам, аха Адик Милана лыԥсҭазаараҿы ароль ду наигӡеит.
"Саб сыԥсҭазаара дагуп. Ус сҳәалоит сыԥсы ҭанаҵы. Аха иааԥсара азгәасҭар сҭахуп саншьа Адик Бениа. Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирымҳәои, "адгьыл дықәмыргылаӡакәа диааӡеит" ҳәа. Убас ауп саншьа дшысзыҟазгьы. Иԥсы ҭанаҵы сыпроблемақәа ихахьы игон, сгәырӷьара сыцеиҩишон", - ҳәа азгәалҭоит Милана.
Реваз Ахвледиани ианашьан "Агәымшәаразы" амедал. Иара убас аиубилеитә рацхәқәа раан ихьӡала амедалқәа лнапаҟны илоуеит аԥҳа.
"Сынтәа саб иԥсы зыхҭниҵаз Гагра араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵуеит. Ари акрызҵазкуа арыцхә инамаданы забацәа аибашьраҿы иҭахаз сҩызцәа ирзеиӷьасшьоит аԥсҭазаара лаша. Раԥхьаҟа рыхшареи дареи еибааӡаратәы анцәа алшара риҭааит", - лҳәоит Милана.
© Foto / из архива семьи Реваза АхвледианиМилана Ахвледиани лани лп,еи рганаҿы
Милана Ахвледиани лани лп,еи рганаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Милана Ахвледиани лани лп,еи рганаҿы
Милана Ахвледиани лаб фырхаҵарала дышҭахаз анеилылкаа, ажәа лҳәахьан ахаан иԥсы шылмырԥхьашьо. Лара иреиҳау аҵараиурҭа далганы англыз бызшәа лҭиуеит Гагратәи аԥсуа школ аҟны. Дҭаацәароуп, длааӡоит аԥа.
Реваз Ахвледиани иԥсы ҭазҭгьы, сынтәа 56 шықәса ихыҵуазаарын.
Ажәабжьқәа зегьы
0