Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныҟа иаауеит Шаталов ихьӡ зху аклиника аҟынтә арефракциатәии ахәыҷтәи аблҳақьымцәа

© Sputnik / Vitaly Timkiv / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбитуриентка во время прохождения врачебно летной комиссии в Краснодарском высшем военном авиационном училище летчиков имени А. К. Серова
Абитуриентка во время прохождения врачебно летной комиссии в Краснодарском высшем военном авиационном училище летчиков имени А. К. Серова - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҳақьымцәа (офтальмолог-аред.) Аԥсны аус руеижьҭеи рхы гәарҭеит 445-ҩык ауааԥсыра.
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсныҟа иаауеит Шаталов ихьӡ зху аклиника аҟынтә арефракциатәии ахәыҷтәи аблаҳақьымцәа, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Рыблабара гәарҭар алшоит фышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәагьы.
Аусура иацнаҵоит еиҭаҵуа аблагәаҭаратә центр. Жьҭаара 3-4 рзы уи Тҟәарчалҟа инеиуеит. Ауаа рыдыркылоит асааҭ 9:00 - 17:00 рзы.
Аусбарҭаҿы ирҳәоит ахьҭа злаланы иҟоу апациентцәа шрыдрымкыло. Ацентр аҭаараан ухаҭара шьақәзыргыло ашәҟәы уцзароуп. Заанаҵы ашәҟәы аҽанҵара аҭахым, амаҵзура хәыда-ԥсадоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0