Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба: Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩра мап ацәнакит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Женева
Города мира. Женева - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд мҩаԥысит жьҭаара 5 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩра мап ацәнакит, абри атәы иҳәеит Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба, женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд аихшьаала ҟаҵо.

"Ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла америкатәи анырра мап ацәкны, амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц. Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа ҳтәыла ашәарҭадара ҵнашәаауеит", - иҳәеит Арӡынба.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи аиԥылара мҩаԥган 2021 шықәсазы. Изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд мҩаԥысран иҟан хәажәкыра 2022 шықәсазы, аха аамҭала иаанкылан ЕАР, Евроеидгыла, ОБСЕ иҟарҵаз ажәалагалала.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны.
Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема ахадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ахь ааԥхьара ҟарҵоит Қырҭтәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩразы, аха Қарҭ уи мап ацәнакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0