Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Жәлар Реизара аделегациеи Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутатцәеи еиԥылеит

© Foto / ПАРЛАМЕНТ АБХАЗИИДелегация Парламента Абхазии встретилась с депутатами Госдумы России. Об этом сообщает пресс-служба Народного Собрания.
Делегация Парламента Абхазии встретилась с депутатами Госдумы России. Об этом сообщает пресс-служба Народного Собрания.   - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аделегациа жьҭаара 2 - 6 рзы аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа иҟоуп.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аделегациеи Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутатцәеи еиԥылеит.
Уи аԥхьа Аԥсны Жәлар Реизараҟны еиҿкаан Аҳәынҭдумеи иареи русеицуразы аусутә агәыԥ, уи хадара аиҭоит Асҭамыр Аршба.
Аиԥылараҟны аганқәа руссеицура еиҳа арҭбааразы иҟаҵатәу иалацәажәеит, иара убас, Аҳәынҭқарратә Думеи Аԥсны Апарламенти рыбжьара аиқәшаҳаҭра аиқәыршәареи.
Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба дазааҭгылеит, иахьа иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны Аԥсны мраҭашәаратәи аҳәаа анџьныр-техникатә маругақәа рыла арӷәӷәара шаҭаху. Иазгәеиҭеит, ари апункт шарбоу абҵара 24 2014 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи аусеицуреи астратегиатә еииҩызареи рзы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра.
Жьҭаара 4 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҟны имҩаԥысит Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володини Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәбеи реиԥылара. Уи аҽны Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҿы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Константин Косычиов иԥылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0