ИАР атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа ҿарацәа апроект SputnikPro иалахәхеит

© Foto / Антон ДенисовМолодые журналисты из СНГ стали участниками проекта SputnikPro
Молодые журналисты из СНГ стали участниками проекта SputnikPro - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik имҩаԥнаго арҵаратә проект SputnikPro рзырхоуп амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформацитә маҵзуреи арадиои Sputnik аусуратә хыбра хадаҿы ихацыркын ИАР атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа ҿарацәа рзы арккаратә проект SputnikPro.
Амодуль алахәылацәа 15-ҩык рҟынтәи иҟоуп ателерадиоеилахәыра "Гомель" (Белоруссиа), ателеканал "Хабар24" (Ҟазахстан), ателеилахәыра "Цайг" (Ермантәыла), ателерадиоеилахәыра "Ир" (Аахыҵ Уаԥстәыла) рхаҭарнакцәа.
Мчыбжьыктәи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны азыӡырыҩцәа идырдырхоит ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи амультимедиатә маҵзура аусушьа, идеилыркаахоит афотожурналистика атренд ҿыцқәа, иалацәажәоит АИХқәа рҟны аԥаршеижәабыжь апроблема. Уи адагьы ажурналистцәа рылахәхоит Sputnik аекспертцәа имҩаԥырго аҟазаратә-классқәа.
Блокнот с символикой информационного агентства Sputnik. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2020
SputnikPro: аматериалқәа ииашаны реиҿкаара шымҩаԥгалатәу
Алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылеит аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа рҿы иҟоу Sputnik амультимедиатә центрқәа рдирекциа адиректор Андреи Благодыренкои Россотрудничество ауаажәларратә дипломатиа аусбарҭа аиҳабы Екатерина Торубаровеи.
Андреи Благодыренко Sputnik апринципқәа дрылацәажәо иҳәеит: "Аусура азнеишьа ҿыцқәа, раԥхьа иргыланы асоциалтә ҳақәеи амессенџьерқәеи рҟны иалдыршеит Sputnik асаитқәа мраҭашәаратәи амедиамаҵзурақәа идмырцәартә аиԥш аҟаҵара".
"Агәра згоит ишәоуа адыррақәеи аԥышәеи алекциақәа, аиԥыларақәа рҟны шәхы ишашәырхәо, шәзанааҭтә еизҳараҿ ишхәарҭахо. Урыстәыла агәаҿы акультуратә программа акәзаргьы гәахәас ишьҭышәхышт",- лҳәеит Екатерина Торубарова.
SputnikPro амодульқәа ИАР атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа рзы имҩаԥыргоит апрограмма "Абиԥара ҿеи" жәларбжьаратәи агуманитартә цхыраареи (Россотрудничество) рыдгыларала.
SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп. Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. SputnikPro асессиақәа рҿы ирылацәажәоит ажуналист изанаҭ еиуеиԥшым аспектқәа, амультимедитә контент аҿиареи асоциалтә ҳақәа рҿы аусуреи налаҵаны. 2018 шықәса хәажәкырамзаахыс SputnikPro аҟазаратә-классқәа ирылахәхеит 5000 –ҩык рҟынӡа азыӡырыҩцәа 80+ ҳәынҭқарра рҟынтәи.
Sputnik – 32 бызшәа рыла иҟоу аинтернет-саитқәа еидызкыло иналукааша жәларбжьаратәи амассатә-информациатә хархәагоуп, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа 90 қалақь инареиҳаны рахь ацәқәырԥақәа нарышьҭуеит. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Sputnik аудиториа мызкахьы 50 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, Sputnik асоциалтә ҳақәа рҟны аккаунт анапаҵаҩцәа 26 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Бишкек инаркны Кишиниовнӡа, Пекин инаркны Монтевидео аҟынӡа аредакциақәа 24 рҿы аус руеит зықьҩык инареиҳаны еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Sputnik амедиагәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуеит. Sputnik аофис хада Москва иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0