Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Томсктәи акардиологцәа Аԥсны шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдыркылеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Детский кардиолог
Детский кардиолог  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Томсктәи акардиологиатә институт аҟазауаа Аҟәатәи ақалақьтә поликлиникаҿ ахәыҷқәа рыдыркылон жьҭаара 3 - 5 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Томсктәи акардиологцәа Аԥсны 114-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдыркылеит.
Апроект "Згәы бзиоу абиԥара" аҳәаақәа ирҭагӡаны Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгара рааԥхьарала Аԥсныҟа иааит Томсктәи аҟазауаа.
© Sputnik / Асмат Цвижба Томсктәи акардиологцәа Аԥсны шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдыркылеит
Детский кардиолог  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Томсктәи акардиологцәа Аԥсны шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдыркылеит
Афонд амедицинатә проектқәа рнапхгаҩы Саида Хәытаба иазгәалҭеит "Ашанеи" Томсктәи акардиологиа АҬИи жәашықәса инарзынаԥшуа аус шеицыруа. Амедусҳәарҭаҿ ахәшәтәра иахысуеит афонд хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа. Раԥхьаӡа акәны Томсктәи аҟазауаа Аԥсны ачымазцәа рыдыркылеит 2014 шықәсазы.
"Томсктәи акардиологиа Урыстәыла иналукааша медусҳәарҭоуп. Ара еиуеиԥшым ачымазцәа ацхыраара рырҭоит", - лҳәеит лара.
Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа иазгәалҭеит Томсктәи аҟазауаа Аԥсны азы акыр ишыхәарҭо.
"Сара изныкымкәа иазгәасҭахьеит ахәыҷтәы кардиологцәа шаҳҭаху. Аполиклиникаҿ дҳамоуп ҳхатәы кардиолог, аха аамҭа цоит, ҳаргьы ҳнаскьар ауп. Аҿар ҳҭахуп", - лҳәеит лара.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа Ермантәылантәи аҳақьымцәа аинвалидцәа рыцхрааразы рааразы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа аинвалидцәа рыцхрааразы Ермантәылантәи аҳақьымцәа рааразы
Арегионқәа аус рыцуразы аинститут аменеџьер Викториа Савченко еиҭалҳәеит 114-ҩык иҭырҵааз ахәыҷқәа рҟынтәи фҩык аоперациа шырҭаху, ирыциз агәы амалыр азы, ӡӷабк агәаҭара цҵа дшахыжьтәу.
Алина Базԥҳа лхәыҷқәа ҩыџьа налгеит аҳақьымцәа рахь.
"Алаҳәара анҳаҳа акыр ҳаигәырӷьеит. Ахәыҷқәа руаӡәк иганахь ала зҵаарақәак цәырҵит, аха инарҭбаау аконсультациа сыҭан, аҳақьымцәа арантә ицаргьы аҭел сырзасыр ҟалоит. Аԥсны ари аҩыза алшарақәа ҳацәмаҷуп", - лҳәеит лара.
Хәытаба лажәақәа рыла, ачымазарақәа зыдбало ахәыҷқәа рҭаацәа афонд "Ашана" ахь ианыдҵаалалак ашьҭахь аԥареизгара рыларҳәоит, анаҩс ахәшәтәрахь ирышьҭуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0