Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳамш лаша зхы ақәызҵаз: Томас Кәакәасқьыр игәалашәара иазкны

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааТомас Кокоскир
Томас Кокоскир - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Бзыԥтәи абаталион напхгара азҭоз Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль назыгӡоз Томас Кәакәасқьыр изкуп апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ианҵамҭа.
Сара аа-класск рҿы стәан 1974 шықәса рзы А. Довженко ихьӡ зху Киевтәи акиностудиа аҿынтә Баграт Шьынқәба ироман "Ахра ашәа" ала акино аҭыхразы Аԥсныҟа ианаа. Уи акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" ҳәа ахьӡырҵеит иаразнак. Ҳара Ҷлоуаа, еиҳаракгьы Аимара аҳабла иатәыз хәыҷи дуи ирацәаҩны, амассовкаҿ ҳаларҵеит. Сара ибзиан исгәалашәоит ԥшьымш инарзынаԥшуа ҳшаҿыз ауардын ҳақәтәаны километрак инарзынаԥшуа аԥхын ҟыршоураха аԥсуа маҭәа ҳашәҵаны аныҟәара. Аҵыхәтәан, арежиссиор ианигәаԥха, аԥшьымш рыҽны ахәылԥаз, иҭабуп ҳәа ҳаҳәаны, усҟантәи аԥара ала ҩажәа-ҩажәа мааҭ ҳаҭаны ҳауижьит.
Афильм арежиссиор Владимир Савелиев заа Аԥсны даахьазаарын, аԥсуа режиссиорцәа Дырмит Кәартааи Михаил Мархолиеи акыр дрыҿцәажәахьазаарын, еиҳараӡакгьы актиорцәа афильм иақәшәаша ралхраҿы. Уимоу, Аԥсны ус иҟаз аӡәгьы данырзымыԥшаа, Нхыҵ Кавказҟа иԥшааразы ацара ргәы ишҭаз, арежиссиор Дырмит Кәартаа дигәалашәазаап ашәаҳәаҩ Томас Кәакәасқьыр. Убри аҽныҵәҟьа арежиссиор Владимир Савельев дааганы данидырба, иаразнак иԥсы илахеит, сзышьҭаз абри иакәын, хымԥада абри ароль аҿы ахәмарра дақәшаҳаҭхартә шәиҳәароуп иҳәеит!.. Томас дшәаҳәаҩын, акиносахьақәа рҿы дмыхәмарцызт, аха дақәшаҳаҭхазаап абриаҟара рыҽкажьны ианиҳәа.
Актер Томас Кокоскир в фильме Белый башлык - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2018
Амилаҭ рмазара иахәҭакыз: Томас Кәакәасқьыр игәалашәара аҳаҭыразы
Сара сыззааиуа, Аимара аҳабла иаҵанакуаз зегьы хәыҷгьы-дугьы усҟан убри акиносахьа аҭыхра ҳамҽханакны ҳаман. Ибзиаӡан исгәалашәоит ҳҳаблаҿ анхаҩцәа бзиаӡақәа Акәыни Цими Ҵәыџьаа зеиԥшыҟамыз рашҭа ԥшӡаҿы (урҭ аҩыџьагьы шҭакы еицҭанхон) акиносахьаҿ ахаҿсахьа хадақәа руак назыгӡо аҭауад Омар Ҳаџьараҭ данишь, "иԥсыжра" нарҭбаан еиҿыркааит. Уаҟа ажәытәтәи аԥсуа маҭәақәа рышәҵаны иалахәын Ҷлоу ақыҭа иаланхоз рацәаҩны.
Убраҟа аԥсҵәыуара далахәын сара саб иаҳәшьа гәакьа Сончка Лагәлааԥҳагьы. Уи убас аҭауад ԥшӡа Омар гәыкала дылҵәуеит, аҩны данааи, лӡамҩақәа зегьы цәыԥԥын ашьа рҿатата!.. Саб иаразнак ибжьы ааҭцаны длазҵааит: "Бара макьана анцәа иҟынтә зегьы ҳаԥсқәа ҭоуп, бӡамҩа цәыбыԥԥыртә ҳаӷеимҽхара ибыҵалеи", - ҳәа! "Исыҵалеи захьӡуи, ауԥшәыл дыԥшӡаӡа, дыԥсны дҳамҵанеи", - лҳәеит. "Ҳаи, бара аубџьыр, уи дышьӡамызт, уи киносахьоуп, дыхәмаруан", - иҳәеит саб, аҟырҟырҳәа дыччо. "Дыхәмаруазаргьы, уи аҩыза агәыҿкаага дыԥсны дахьықәыз, сара сыӡӷы цәымԥкәа дызласҵәыуоз, саԥсыуами", - лҳәеит ҳаб иаҳәшьа рыцҳа…
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз - Sputnik Аҧсны
1/3

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

© скриншот из фильма

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз - Sputnik Аҧсны
2/3

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз - Sputnik Аҧсны
3/3

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

1/3

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

2/3

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

3/3

Томас Кәакәасқьыр акинофильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Ҳаџьараҭ Кьахьба ироль анынаигӡоз

Убри зегьы уажәы сзалацәажәо, исгәалазыршәаз, ашәаҳәаҩ-актиор Томас Кәакәасқьыр иоуп. Уи раԥхьаӡа ҳара ахәыҷқәа зегьы данааба нахыс иаразнак ҳалаҿы дааит, иԥшра, исахьа чаԥа, инықәгыла-аақәгылашьа, акаҩ-акаҩҳәа ибжьы ԥшӡа, иԥаҵа еиқәаҵәақәа, иччаԥшь хаа, ианаҭахызгьы аӷьеиҳәа иааирԥшуаз иҟазшьа џьбара. Ҳара ҳхәыҷқәан, аха иаразнак игәаҳҭеит уи арахь акиносахьаҭыхра иааз дара аԥсуа актиорцәагьы аӡәгьы дышиеиԥшмыз, аҿҿаҿҿаҳәа амца дақәуҵар, дшымбылуаз, мыцхәы дшаԥсыуаз…
Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2020
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи
Томас иаҳаҭыраз иҳаԥшааит Баграт Шьынқәба ироман "Ахра ашәа", зегьы инеимда-ааимдо ҳаԥхьеит. Уимоу, сареи даҽа ԥыҭҩыки убриаҟара ҳаланахалеит, иаҳгәаԥхоз хқәак рҟынтәи еиуеиԥшымыз асахьақәа ҿырҳәала иҵаны, асценариақәа ҳара ҳхаҭақәа ақәыргылара ҳалагеит!..
Иахьагьы акаҩ-акаҩҳәа сгәы иқәҩуеит ароман иалоу зеиӷь ҭамыз аҭауад бзиа, анхаҩцәа даара ирзааигәаз, даарагьы хара ихәыцуаз, зыжәлар рхьаа иабылуаз, аҭауад Шабаҭ иажәақәа:
Иаҳауеи, сҭахаргьы, сара схаҭагьы,
Акьахьба иеиԥшында аԥсуаа зегьы!..
Иахьагьы сыбла ихгылоуп Томас дзықәтәаз иҽы ԥшӡа, иҽы хазына, ҿык-бзык иазымҳәо ала иҟәышыз, блала ауаҩы иацәажәоз, ииҳәоз еилызкаауаз Кәантра!.. Сара сыԥсҭазаараҿы уи аҩыза аҽы сықәымшәацт, исықәшәап ҳәангьы сыҟам, убриаҟара ауаҩы деилызкаауа, иацәажәо, уимоу, зны-зынла акиносахьа анҭырхуаз, иахьшәарҭаз аҭыԥқәа рҿы Томас дақәдыртәаӡомызт, иара зтәыз ҳҵарауаҩ Аполлон Шьынқәба дақәдыртәон, уи зынӡа аҽыбӷа даласазшәа, иагьа иԥырны ицозаргьы, иара дымҵысӡакәа дақәтәоушәа убон, цәгьашәа данаалон. Сара схәыҷраан убра сызлаԥшыз ауп исзырҩыз, иахьагьы сыпрозатә ҩымҭақәа зегьы иреиӷьасшьо сажәабжь "Сольвеиг".
Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2017
Арадио
Аблоҭиа: акиносахьа "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны ҳҭырхырц азы ҩажәамш аҽыкәтәашьа ҳҵон
Томас Кәакәасқьыр ихьӡ иахьа аԥсуа жәлар иахьынӡахәҭоу ибзиаӡан ирдыруазар ахәҭоуп, иҳақуп, избанзар уи ҳмилаҭ рыхьчаразы ихы-иԥсы дамеигӡеит, доуҳалагьы, цәала-жьылагьы. Уи аус иуан Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҿы, Аԥсны жәлар драртистын, Аԥсны дафырхаҵан. Уи қәра дук нимҵӡеит, аибашьра ашьҭахь ҳаӷа бааԥс ихы дагеит, аха иниҵыз ишықәсқәа зегьы ԥшӡан, ихаан, имилаҭ доуҳала рышьҭыхра иазкын…
арежиссиор Владимир Савелиев - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2017
Илегендатәу аԥсуа вестерн: арежиссиор ииубилеи
Иаҳгәалаҳаршәап атеатрҭҵааҩы Светлана Қәарсаиаԥҳа Томас Кәакәасқьыр дшылгәалалыршәо:
"Томас Кәакәасқьыр дыруаӡәкуп 20-тәи ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы аӷьараҳәа иааиҵагылаз арҿиаратә ҿарацәа. Уамашәа ихааз абаритон ибжьы зхаз ашәаҳәаҩ қәыԥш Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалеит москватәи Гнесинаа рыхьӡ зху амузыкатә институт. Уи қәҿиарала далганы, 1973 шықәсазы Аԥсныҟа дхынҳәит. Рыцҳарас иҟалаз, иахьеиԥш усҟангьы Аԥсны ҷыдала аоператә, мамзаргьы амузыкатә театр ыҟамызт. Томас Кәакәасқьыргьы, иреиҳау амузыкатә ҵараиурҭа иалгахьаз аԥсуа шәаҳәаҩцәа аӡәырҩы реиԥш, солистк иаҳасабала аусура далагеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы, иара убас Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы хкы нагӡаҩыс дыҟан.
Ашәаҳәара - Томас ԥсабарала дызлааӡаз, дхәыҷаахыс аҳауеиԥш иибоз, дзышьцылаз заанаҭны иҟан. Бзыԥҭа ашьха қыҭа ԥшӡаҿы инхоз, фҩык ахшара зааӡоз иаби иани рҭаацәара ду аҿы ашәаҳәареи акәашареи аԥшәмара руан. Томас иан Мариа агитара алырҳәон, ашәа ацылҳәон, лхәыҷқәагьы уи абзиабара рылалааӡон. Ашьха қыҭа иааӡаз арԥыс, ҳәарада, дазҟазан аҽықәтәара. Иџьоушьаша, Томас ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы иразҟыӡбаганы иҟалеит урҭ ихәыҷра ашықәсқәа насыԥ рызҭоз, изырлашоз зегьы…
Аха Томас ирҿиаратә ԥсҭазаара зегьы зыдҳәалаз, изанааҭҵәҟьа ашәаҳәаратә ҟазара акәын. 1984 шықәсазы аԥсуа музыкатә культураҿы ихҭыс дуны иҟалеит Д. Шведов иопера "Аламыс" аԥсуа сценаҿы раԥхьаӡа акәны ақәыргылара. Ибзиан исгәалашәоит уи аопера Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы ианықәдыргылоз. Томас Кәакәасқьыр қәҿиарала инаигӡеит афырхаҵа хада Ҭемыр ипартиа."
© Foto / из архива семьи Кокоскир

Томас Кәакәасқьыр

Томас Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
1/6

Томас Кәакәасқьыр

© Foto / из архива семьи Кокоскир

Томас Кәакәасқьыр

Томас Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
2/6

Томас Кәакәасқьыр

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Томас Кәакәасқьыр

Томас Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
3/6

Томас Кәакәасқьыр

© Foto / из архива семьи Кокоскир

Томас Кәакәасқьыр

Томас Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
4/6

Томас Кәакәасқьыр

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Томас Кәакәасқьыр

Томас Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
5/6

Томас Кәакәасқьыр

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа

Томас Кәакәасқьыр

Томас Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
6/6

Томас Кәакәасқьыр

1/6

Томас Кәакәасқьыр

2/6

Томас Кәакәасқьыр

3/6

Томас Кәакәасқьыр

4/6

Томас Кәакәасқьыр

5/6

Томас Кәакәасқьыр

6/6

Томас Кәакәасқьыр

Аԥсны ақырҭуа ир анақәла, нанҳәа 14 рзы Томас дызлаз Аԥсны жәлар рартист Уасил Царгәыш дызхагылаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль гастроль ҳасабла Бырзентәыла иҟан. Урҭ иагьа хаԥсыра рбазаргьы, ргастроль мҩабжара иааныжьны, ансамбль зегьы рыԥсадгьыл ахьчараз еибашьра ихынҳәит. Томас Кәакәасқьыргьы дзааӡаз иқыҭа гәакьа арԥарцәа драԥхьагыланы, Гәымсҭаҟа еибашьра дцеит.

Аибашьраҿы Томас ахы инаркны аҵыхәанӡа дызцыз иқыҭа ҷкәынцәа командирс дрыман, уи ашьҭахгьы Гал аҳәаақәа анырыхьчоз иара иакәын еиҳабра рзызуаз дҭадырхаанӡа. Уи дҭахеит Аԥсны аиааира анага, 1994 шықәса ажьырныҳәамамзы. Усҟан иара қәрала 51 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аибашьра анеилга, атәыла аҳәаа ахьчара иара иаҵкыс еиҵбацәаз аҿар рнапы инанҵаны иара иҟазара дазыхынҳәыр ҟалон, аха ус иҟаимҵеит иара, атәыла ашәарҭара иҭагыланаҵ абџьар даҵагылазарц иӡбеит, иҩызцәа ашәаҳәаҩцәа даара акырынтә ажәа инырҵеит, аха иаҿаршәны мап икит. Уи изыԥшгәышьан адунеи зыхьӡ ахыҵәахьаз иансамбль гәакьа, ифилармониа, иара ибаҩхатәра даара бзиа избоз ашәа-хаа абзиабаҩцәа, аха иԥсадгьыл азы игәы ҭынчымкәа иус хадагьы мап ацәикит…

Ауаҩы, еиҳаракгьы актиор, адунеи аҿы акырынтә иҟалахьеит, знык ихы-иԥсы зегьы аҭаны иихәмарыз ироль акыраамҭа данзацәымцо, дҿаҳәаны данамоу… Убас ихьит Томасгьы, уи "Хҭырԥа шкәакәаҿы" зроль хада наигӡоз Ҳаџьараҭ Кьахьба анхаҩыжәлар рыхьчараз дышгылаз еиԥш, Томас Кәакәасқьыргьы иԥсадгьыли ижәлари рыхьчараз дгылеит, урҭ рымш лаша аагара ихгьы ақәиҵеит…
Ажәабжьқәа зегьы
0