Ҟрымтәи ацҳаҿы аҩцәаҳәак рыла амашьынақәа аныҟәара еиҭалагеит

© Foto / Инфоцентр "Крымский мост"Крымский Мост
Крымский Мост - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Анапаҵаҩра
Ацҳа анԥыржәа ашьҭахь раԥхьа ареверс ала аус ауан цәаҳәа заҵәык.
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Автомашьынамҩа аҩцәаҳәак аадыртит Ҟрымтәи ацҳаҿы ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин иофициалтә Telegram-канал аҿы.
"Автомҩатә хәҭаҿы алашара аҿаркит, ҿыц ацәаҳәақәа алырдеит, абагьырқәа арҭеит", - ҳәа иҩит иара.
Аԥхасҭа зауз ацҳа ахәҭа аҭҵаара ишаҿыц иаҿуп, аргылаҩцәеи амчратә усбарҭақәа рҟынтәи аҟазауааи уахи-ҽни иаанымгылаӡакәа аус руеит, аԥжәара ахҟьаԥҟьақәа аԥыхра иаҿуп.
Оборудованные стоянки для водителей в районе Крымского моста приняли около 1200 автомобилей за ночь - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
1200 автомашьына рҟынӡа рыдыркылеит Ҟрымтәи ацҳа ааигәара еиҿкаау ааҭгыларҭаҿы
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳаҿы аидарамҩангага ԥжәеит, уи иахҟьаны амца рыцралеит ааигәа имҩасуаз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы зҭаҭәаз ацистернақәа, еилаҳаит автомашьынатә мҩа ахәҭақәа. Аԥжәараан иҭахеит хҩык ауааԥсыра.
Раԥхьа ацҳаҿы аныҟәара зынӡаск иаанкылан. Нас ареверстә ныҟәара еиҿкаан автомашьынақәеи автобусқәеи рзы цәаҳәак аҿы, ахәылбыжха адәыӷбақәа рзы аихамҩа аусура иаларган.
Аӷбақәа ахьыҵсуа ацҳа ахәҭа аԥхасҭа амоуӡеит. Аидарамҩангагатә ӷбақәа ԥанк аҟынтәи даҽа ԥанк ахь апаром ала ииаргоит.
По Крымскому мосту возобновлено движение - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Атранспорт аминистрра: Ҟрымтәи ацҳаҿы адәыӷбақәа абжьааԥнеиԥш иныҟәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0