Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Тәанба Лакоба иҩны-амузеи аиҭашьақәыргыларазы: еиҵахара ыҟаӡам

Тәанба Лакоба иҩны-амузеи аиҭашьақәыргыларазы: еиҵахара ыҟаӡам
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба иҩны-амузеи аҟны аиҭашьакәыргыларатә усурақәа рцашьа, рхыркәшара аназгәарҭо атәы еиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Нестор Лакоба имузеи аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа. Еиҵахара ыҟаӡам, шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара анаҩс адизаин-проект ахархәара азухоит, иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Тәанба.
"Аусурақәа ҳрылагеижьҭеи хымз ҵуеит, даҽа хымз ҳзаанханы иҟоуп, аха мызкы шыбжьоугьы, сгәаанагарала, ҳалгоит ашықәс ҿыц аиаанӡа. Иҟьашьу аусқәа зегьы ҳрылгахьеит, уажәшьҭа арԥшӡара, аҩныҵаҟа ашәра, апроект ишаҳәо ала, хәыҷыкгьы ԥхьаҟа ҳцоит. Аԥаразы еиҵахара ыҟаӡам, аиҳабыра идҳарбоит инаҳагӡаз аус, иаразнак иахыршәаауеит. Иахьазы 7 миллион мааҭ рыхә ҟаҳҵахьеит 13 ахьыҟоу. Аԥхьатәи асмета иахыҳәҳәааны 3-4 миллион мааҭ ҟалоит, избанзар уи ҟаҳҵон 2004 шықәсазы. Усҟан аԥенџьырқәа рзы апластик ашкәакәа акәын иоурыжьуаз, уажәы аџь аԥшәы змоу ала иҟаҳҵароуп. Ашәқәагьы ҩба ыҟоуп ԥшьметрак аҳаракыра змоу. Урҭгьы ԥсахны, ауаа иргәаԥхо, рылаҟны иааиуа рыҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Урҭ шәачантәи иаагахоит, аԥенџьырқәа аҭыԥан иҟарҵоит", - иҳәеит Тәанба.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0