Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Воуԥҳа агрипп чымазара аҟынтә алаҵаҟаҵара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Воуԥҳа агрипп чымазара аҟынтә алаҵаҟаҵара иазкны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭазы аҳҭнықалақь аҿы алаҵаҟаҵара аус шцо, насгьы ауааԥсыра уи ишақәҿырҭуа.
Х-нызқь цыра иаагоу рҟнытә зқьы рыҭоуп ақалақьтә хәышәтәырҭақәа, ари маҷуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха ҳахәаԥшуеит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Воуԥҳа.
"Ашәахьа инаркны аҟаҵара ҳалагеит. Синоп иахьаҵанакуа аус бзианы ицоит, ирацәаҩуп иҟазҵо. Иааргаанӡагьы зҽанызҵаз ыҟоуп, аха ус унеиргьы алшоит. Ибзианы имҩаԥысуеит абарҭ хымш рыҩнуҵҟа, ауааԥсыра ирҭахӡам аҟаҵара ҳәа сызҳәаӡом", - лҳәеит Воуԥҳа.
Ауаҩы алаҵа ҟаиҵаанӡа аҳақьым диҿцәажәоит, иҟало иҟамло еиликаауеит.
"Алаҵа баша иҟаҳҵаӡом. Иҳамоуп аҳақьым дахьтәоу ауадақәа. Иара диазҵаауеит игәабзиара аҭагылазаашьа шыҟоу. Учмазаҩны алаҵа аҟаҵара ҟалаӡом, избанзар аҽарцәгьар ҟалоит. Ибзианы угәабзиара шьақәыргыланы инеитәуп. Уажәтәи алаҵа ԥшь-штаммк ирҿагылоуп. Уацәшәартә иҟаӡам", - лҳәеит Воуԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0