Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын агәыразратә еиҿкаарақәа рзы: аҳәынҭқарратә ус нарыгӡоит, иадгылаҩцәоуп

Аргәын агәыразратә еиҿкаарақәа рзы: аҳәынҭқарратә ус нарыгӡоит, иадгылаҩцәоуп
Анапаҵаҩра
Агәыразратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны агәыҳалаларатә фондқәа жәларбжьаратәи афорум ишалахәыз, ас еиԥш ауснагӡатә аҵакы, ԥхьаҟа атәылақәа рыбжьара аимадарақәа рырҭбааразы иахьынӡацхыраагӡоу.
Махачкала ақалақь аҿы хымш имҩаԥысуан агәыҳалалратә фондқәа аԥшьбатәи жәларбжьаратәи рфорум "Солнечный берег. НКО. Перезагрузка". Уи иалахәыз ԥшь-ҳәынҭқаррак рыбжьара иҟан Аԥсны агәыҳалалратә фондқәа рхаҭарнакцәа.
"Ԥшь-ҳәынҭқаррак рҟынтәи 102 еиҿкаара рхы аладырхәит афорум, аекспертцәа 13-ҩык ыҟан Москвеи Санкт-Петербурги рҟынтәи. Дара ҩымш-хымш рыҩнуҵҟа алекциақәа ирыԥхьон ҳусура инадҳәаланы, урҭ акрызҵазкуа ракәны иҟан, избанзар ҳусура аганахьала ҳара ҳаспециалистцәаӡам. Ҳара еиҳарак ҳапрактикцәоуп, атеориа аганхьала акрызҵазкуа аинформациа ҳауит. Уи адагьы Нхыҵ-Кавказ иҟоу аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаибадырит. Ауснагӡатә ахаҭа Даӷьсҭан ахада иааиртит. Агәахәара ҳнаҭеит аҳәынҭкарра аиҳабы абс иҟоу аиҿкаарақәа дахьрыдгыло, дахьрызҿлымҳау. Саргьы агәаҳәара соуит Аԥсынгьы аҳәынҭқарра ахада аиҿкаарақәа еизганы абас аимадара бзиа аԥҵазарц, избанзар ҳаргьы ҳазҿу аҳәынҭқарра аус ауп, аҳәынҭқарра ҳадгылоуп, еимадоуп ҳусура", - ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0