Владимир Путин Риазантәи аобласт даҭаан ибеит аррахь иаарԥхьаз разыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин посетил полигон Западного военного округа в Рязанской области
Президент РФ В. Путин посетил полигон Западного военного округа в Рязанской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада дырҭааит атактикатә, ахысратә, анџьныртә, амедицинатә зыҟаҵарақәа.
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Риазантәи аобласт аҿы иҟоу Мраҭашәаратәи арратә округ ахысырҭаҭыԥ даҭааит, амобилизациа иаҵанакыз рҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.

"Амобилизациа иаҵанакыз еиуеиԥшым арратә занааҭқәа рыҽшырзыҟарҵо атәы урыстәыла ахада изеиҭеиҳәеит Атәылахьчара аминистр, ар реинрал Сергеи Шоигу", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада атактикатә, ахысратә, анџьныртә, амедицинатә зыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуаз дырҭааит, агәаҭарақәа мҩаԥигеит.
Уи адагьы Путин даҭааит ахырхарҭарацәа змоу ахысырҭатә комплекс. Уа аԥышәа змоу адҵаҟаҵаҩцәеи амҩақәҵаҩцәеи рнапхгарала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан. Атәыла ахада имчқәа ԥишәеит, аснаипертә винтовка СВД ала дхысит.
Ажәабжьқәа зегьы
0