Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 24 рзы

© Sputnik / Акоп Кущян Смеситель
Смеситель  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2022
Анапаҵаҩра
Аӡы аанкылоуп аӡыҭгагатә станциа №4 аҿы аремонттә усурақәа ахьымҩырго иахҟьаны.
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Уаҵәы, жьҭаара 24 рзы, Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыканал" апресс-маҵзура.
Асааҭ 00:00 инаркны 15:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос иахьаҵанакуа, Адыгеиаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь ашьхара иахьаԥну.
Иара убас аӡы ахалара ацәыцәгьахоит Аҟәа агәаны игылоу аҩнеихагылақәа хыхьтәи реихагылақәа рахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0