Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сны об Апсны", аҽаҩра аныҳәа: Аԥсны акультуратә фиша

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 24-30 рызтәи акультуратә фиша.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр

Жьҭаара 26 асааҭ 19:00 рзы ахәаԥшцәа ирыдгалахоит, аҿареи абзиабареи, аԥсҭазаара азыгәышьреи ирызку Антон Чехов ипиеса "Медведь” иалху аспектакль.

РУСДРАМ

Жьҭаара 23 асааҭ 19:00 рзы - “Кьоџьаа рҭыӡшәа”. Венециатәи адраматург Карло Гольдони икомедиа ашьаҭала иқәиргылеит москватәи арежиссиор Александр Коручеков.
Жьҭаара 29 - 30 асааҭ 19:00 рзы - Амоноспектакль "Ашәахәақәа зхьыршоу" аԥхьарбара, актриса Ирина Делԥҳа. Арежиссиор-ақәыргылаҩ Антон Корнилов.
Спектакль молодежного театра Кто из нас сильней - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2022
Аԥсны
Жәлар рлакә: Аԥсны Аҿар ртеатр аҿы ахәыҷтәы спектакль аԥхьарбара

Ацәыргақәҵатә зал хада

Жьҭаара 24 – 28, асааҭ 13:00 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит Ольга Дубинскаиа лфотоцәыргақәҵа “Сны об Апсны”.

SKLAD

SKLAD аҿы жьҭаара 19 – 29 асааҭ 13:00 - 20:00 рзы ацәыргақәҵа “Алада” аус аулоит.

Аԥсны

Апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхны имҩаԥгахоит аҽаҩра аныҳәа. Имҩаԥгахоит аҭоурыхтә ҭыԥ - Лыхнашҭаҿы жьҭаара 28 асааҭ 12:00 рзы. Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи Афон ҿыци руааԥсыра иӡырыргоит рнапкымҭақәа, рыҩнтәы аалыҵ, аԥсуа чыс, ашәыр. Арҭ зегьы хәыда-ԥсада ргьама абара алшоит.
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2022
Аԥсны
Апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа мҩаԥысуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0