Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2022
Анапаҵаҩра
Аныҳәахь Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа.
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирус апандемиа ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Лыхны ашҭаҿы имҩаԥысуеит аҽаҩра аныҳәа жьҭаара 28 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарацхьелиа.

Иара иҳәеит традициала ишаԥу еиԥш аныҳәа шымҩаԥгахо Лыхнашҭа. Аныҳәахь Афон Ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рҿамаҿа, рчеџьика, рнапкымҭақәа. Арҭ зегьы ргьама абара хәыдаԥсадоуп.

"Аныҳәа иалагоит асааҭ 12:00 рзы. Ақыҭауаа аҽазыҟаҵара иалагахьеит, иазхиоуп ажәытә аԥсуаа рынхашьа, рыбзазашьа, ркультура атәыла ауаажәлари асасцәеи дырбара. Иаахәоуп амшьамба қьалақәа. Урҭ иахьа иааргоит. Иазԥхьагәаҭоуп аконцерттә программеи аспорттә уснагӡатәқәеи. Аиҿкааҩцәа – Гәдоуҭа араион ахадара", - ҳәа иҳәеит иара.
Ари амш азы асценахь ицәырҵуеит акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа. Иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа. Изҭаху ирылшоит рхы аадырԥшырц еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы.
Лыхны — Аԥсны идуу ақыҭақәа иреиуоуп. Ара инхон аԥсуа аҳцәа. Ара иит Нестор Лакоба, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – ажәлар ахьеизо ҭоурых ҭыԥуп.
Лыхнашҭа имҩаԥган аҽаҩраҭагалара аныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2018
Ҭагалан абеиара: аҽаҩра аныҳәа Лыхнашҭа
Ажәабжьқәа зегьы
0