Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Зеленски Аԥсны азы иажәақәа провокациоуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Марианна Кубрава Инал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Анапаҵаҩра
Афорум "Ҟрымтәи аплатформа" украинатәи амчрақәа иаԥырҵеит Ҟрым азҵаара адунеи амшхәаԥштә азҵаарахь ацәыргареи адгьылбжьаха рнапахьы аагарази.
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арынба провокациоуп ҳәа ахиҳәааит Украина ахада Владимир Зеленски афорум "Ҟрымтәи аплатформа" аформат Аԥсынгьы иаларҵәатәуп ҳәа ииҳәаз.
"Владимир Зеленски афорум "Ҟрымтәи аплатформа" алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит ари афорум аформат Аԥсынгьы иаларҵәатәуп ҳәа. Аҽазныкгьы Украина ахада иааирԥшит аҭоурых ԥсыҽны ишидыруа, иаартны апровокациақәа шымҩаԥиго", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иҳәеит Аԥсны ажәлар бџьаршьҭыхла ихьыԥшым рхатәы ҳәынҭқарра шышьақәдыргылаз, Аԥсны асуверентә статус аԥсахра азԥхьагәазҭо аформатқәа ԥеиԥш шрымам.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра иагәҭакуп ахатәы ҳәынҭқарра арӷәӷәара иарбанзаалак анҭыҵтәи аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа", - ҳәа иҳәеит иара.
"Ҟрымтәи аплатформа" – украинатәи амчрақәа ирдипломатиатә ԥшьгамҭоуп. Хорватиа имҩаԥысуаз афорум алахәылацәа рҿаԥхьа онлаинла иқәгылаз Владимир Зеленски иҳәеит ари аформат "Урыстәыла иампыҵанахало" егьырҭ арегионқәагьы рыҟнгьы аларҵәара шауа– Аԥсны, Приднестровие, Аладатәи Курилтәи адгьылбжьахақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0