Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Николаевтәи аобласт аҟны Урыстәылатәи авиациа украинатәи аҳаирплан МиГ-29 канажьит

© Sputnik РИА Российский многоцелевой истребитель Су-35 в Харьковской области.
Российский многоцелевой истребитель Су-35 в Харьковской области. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иацырҵоит.
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аоператив-тактикатә авиациа Николаевтәи аобласт, аиланхарҭа Калуга ааигәара украинатәи аҳаирплан МиГ-29 канажьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа ааха рырҭеит УАМ анапхгараҭарҭақәа ԥшьба, авертолиотқәа ргыларҭа, 68 артиллериатә шьақәгыла, 182 раион рҿы ари аибашьыга техникеи.
Иара убасгьы иҭархоуп Донецки Николаевтәи аобласт аҿи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.
ПВО амчрақәа рыла икажьуп 13 украинатә дрон, РСЗО "HIMARS", "Смерч" рыхгәыцәқәа быжьба, америкатәи арадиолокациаҿагыларатә ракетақәа "HARM" хԥа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ргәыԥ урыстәылатәи агыларҭақәа ирыжәлеит Луганск аиланхарҭа Куземовка ааигәара, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархоуп 30-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 120-ҩык украинатәи аруаа, х-танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, акәылӡытранспортиор, апикапқәа хԥа, автомашьынак.
Работа подразделений ВДВ в ходе спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ПВОқәа украинатәи адронқәа хԥа карыжьит
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы украинатәи ар ржәылара аԥырҟәҟәаан. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 130 украинатәи аруаа, атанкқәа хԥа, акәылӡмашьынақәа жәба, 11 автомашьына.
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 326 ҳаирплан, 162 вертолиот, 2 339 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 383 зенит-ракетатә комплекс, 6046 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 874 ареактив-систематә машьынақәа, 3 525 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 6 758 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0