Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

ПВОқәа украинатәи адронқәа хԥа карыжьит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота подразделений ВДВ в ходе спецоперации
Работа подразделений ВДВ в ходе спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2022
Анапаҵаҩра
Иара убасгьы уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иҭархан аицыҭҟьаратә реактивтә системақәа "HIMARS", "Ольха" рыхгәыцәқәа 21 Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿи Херсонтәи аобласт аҿи.
АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи адронқәа хԥа карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи адронқәа хԥа карыжьит Харьковтәи аобласт Иагодное, Донецктәи Жәлар Рреспублика Шевченкои Малыи Керменчики рҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә, артиллериа ааха рырҭеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьбеи, 72 артиллериатә ҟәшеи, 174 раион рҿы аррамаҵзурауааи атехникеи, аџьаԥҳаныҵәахырҭеи.
Купиантәи ахырхарҭаҿы УАМ амотошьаҟауаа рротақәа хԥа ажәылара рҽазыршәеит, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархоуп 25-ҩык аруаа, танк, акәылӡмашьынақәа хәба, апикапқәа ԥшьба.
Разминирование моста в Коминтерново - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Харковтәи аобласт аҟны украинатәи абатареиа РСЗО "Ольха" ааха арҭеит
Красно-Лимансктәи ахырхарҭаҿы УАМ амеханизациа зызуу аротақәа ҩба урыстәылатәи ар реимыцҟьаара рҽазыршәеит ЛЖәР аиланхарҭа Червонопоповка аҿы аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭахеит 20-ҩыки ашьаҟауаа рмашьынақәа ҩбеи.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы аӷа ажәылара иҽазишәеит Сладкоеи Владимировкеи рганахь ала. Ари артиллериеи иҭадырхеит 25-ҩык аруаа, атанк, аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа.
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿ иҭархоуп 80-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа 11, автомашьынақәа 15.
Расположение механизированных войск армии РФ под Донецком - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи аҳаирплан карыжьит
Ажәабжьқәа зегьы
0