Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицундатәи адәқьан аҟынтә ақырҭуа символика зныу атауар ықәыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТаможенный комитет Республики Абхазия
Таможенный комитет Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны злаку Қырҭтәыла ахсаала адыргақәҵаҿ изныз атауар аҳазалхартә закәанԥҵара еилаганы атәылахь иааган.
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Агәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны аконтрабандеи аҳазатә зинеилагареи рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа Пицундатәи адәқьан аҟынтә ақырҭуа символика зныԥшуа атауар ықәыргеит ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Аԥсны злаку Қырҭтәыла ахсаала адыргақәҵаҿ изныз 38 банка ахаш зҭаз аконсервқәа ықәган.
Атауар аҳазалхартә закәанԥҵара еилаганы атәылахь иааган. Административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп Аҳазалхратә еилакы аҳазатә ҭҵаарақәеи аилкаарақәеи рыҟәшахьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0