Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атерапевт илҳәеит Аҟәа аимҳәазы алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа атәы

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от Covid-19 в Казани
Вакцинация от Covid-19 в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2022
Анапаҵаҩра
Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" Аԥсны ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Ареспубликахь иаагоуп 3000 лаҵа.
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аҟәатәи 1-тәи аполиклиника атерапиа аҟәша аиҳабы Лиудмила Метелкина арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амедусҳәарҭақәа рҿы аимҳәазы алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа.

"Алаҵа авирусқәа – А, В ирзырхоуп. Алаҵа рзыҟарҵоит фымз иреиҳаны изхыҵуа ахәыҷқәа. 0,5 миллилитра иҟоу ашәага ахәыҷқәа реиԥш зцәа зтәымгьы ирзыҟаҵазар ҟалоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Зны-зынла алаҵа аллергиа цәырнагар ҟалоит, аԥсыԥлагаҩагара уадаҩхоит, аԥсыԥеивҵахара цәырнагоит. Амедусзуҩ лажәақәа рыла асеиԥш шәҩык рҟынтә аӡәы ихьыр алшоит. Ари аҩыза аҭагылазаашьақәа мышкы ҩымш иҟазаауеит.
Метелкина лажәақәа рыла Аҟәа ауааԥсыра алаҵаҟаҵара иахыццакуам. Жьҭаара 17 раахыс алаҵа ҟазҵахьоу 50-ҩык роуп.
"COVID-19 зхызгахьоу реиԥш изхызымгацгьы ааилоит. Аха аиҳарак уаанӡагьы алаҵа ҟазҵахьаз роуп иаҳзааиуа. Алаҵа ҟаоҵар ҟалом аинфекциатә чымазара змоу, ашоура змоу иара убас акәтаӷь ахӡы ахь аллергиа змоу", - ҳәа лҳәеит Лиудмила Метелкина.
Алаҵа аныҟауҵалак ҩымчыбжь рышьҭахь ауп аимҳәазы аиммунитет анцәырҵуа, шықәсыбжак инаркны шықәсык аҟынӡа иҟазаауеит.
Вакцинация от гриппа в Краснодаре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Аԥсны
Асанепидмаҵзура аиҳабы илҳәеит аимҳәа чымазаразы алаҵа зхыҟаҵатәу
"Хымԥада алаҵа ҟаҵатәуп. Шамахамзар акоронавирус зхызгаз зегьы риммунитет лаҟәуп. Усеиԥш аан зиммуннтә система лаҟәу алаҵаҟаҵаразы аҳақьым идҵаалароуп", - лҳәеит лара.
Алаҵаҟаҵара хацдыркит жьҭаара 17 рзы. "Ваксигрипп Тетра" – аимҳәа хызҽуа лаҵоуп, франциатәи аҭыжьымҭа Sanofi Pasteur S. A. иатәуп. 1969 шықәса раахыс иҭрыжьуеит, Урыстәыла рхы иадырхәоит 1992 раахыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0