Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит афотоцәыргақәҵа ААРаПАР аиубилеи азы

© Sputnik / Томас Тхайцук Юбилейная научно-практическая конференция ИЭПиТ 2022
Юбилейная научно-практическая конференция ИЭПиТ 2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут (НИИеПиТ) ашьаҭала аус зуа Аҟәатәи амаамын ааӡарҭа шьаҭаркын 1927 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут 95 шықәса ахыҵра иазкыз афотоцәыргақәҵа "1927.Ахыҵхырҭа" мҩаԥысит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны жьҭаара 26 рзы.
Ацәыргақәҵахь иааган аинститут аҭоурых архивтә кадрқәа –амакакақәа-акосмонавтцәа, ашәҟәыҩҩы Михаил Шолохов Аԥсны иҟазаара, Максим Горьки, ахимик Анатоли Воскресенски рфотоқәа, раԥхьатәи аусуҩцәа аҵарауаа рфотоқәа.
Зураб Амқәаб аинститут дахагылоижьҭеи 13 шықәса ҵуеит. Иара иҳәеит асовет аамҭазы аинститут аҿы амедико-биологиатә усхкқәа зегь рганахь ала аусурақәа шымҩаԥыргоз.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аиубилеитә аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "ИЕПиТ 2022. Иацы, иахьа, уаҵәы".
Юбилейная научно-практическая конференция ИЭПиТ 2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2022
Аиубилеитә аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "ИЕПиТ 2022. Иацы, иахьа, уаҵәы".
"Ҳаинститут аҟны аҭҵаарақәа мҩаԥаагаанӡа аполиомиелит адунеи иахыҵәахьан, аԥсҭбарақәа ацын. Ҳинститут аҿы алаҵа аныҟарҵа ашьҭахь Асовет еидгыла ауааԥсыра зегьы алаҵа рзыҟарҵеит, уи ашьҭахь аполиомиелит хьаҵит", - иҳәеит иара.
Амқәаб иажәақәа рыла, аинститут аҿы аҭҵаарақәа инарылукаауаны иҟан аԥсуаа ақәра рацәа рхыҵра афеномен. Уи ҭырҵаауан Москва, Питер, Уфа рҵарауаа.

"Акыршықәса ҵуеит аинститут амаамынқәа ртема ҭнаҵаауеижьҭеи, урҭ ашықәс рацәа рхыҵра азгәанаҭоижьҭеи. Уи атема ҳарҭбааит аԥсуа қәра аҭҵаарала. Ашықәс ду зхыҵыз рыҩныҟақәа ҳнеиуан, алабораториатә ҭҵаарақәа мҩаԥаагон, иҳарҭбаауан. Уажәы иаҳҭахуп 150 шықәса раԥхьа Аԥсны нзыжьыз амҳаџьырцәа рыҭҵаара. Иаабап иахьынӡаҳалшо", - иҳәеит иара.

Аинститут аиубилеи азы еиҿкаан аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи иалахәын Урыстәыла, Украина, Узбекистан рҵарауаа.
Аконференциа жьҭаара 28 рҟынӡа имҩаԥысуеит. Аҵарауаа алацәажәалоит аексперименталтә ҭҵаарақәа, акосмостә медицина, ажәра афизиологиеи апатологиеи, агематологиа, аиммунологиа, авирусологиа, адиагностика аҿыцратә знеишьақәа.
Амқәаб игәаанагарала асеиԥш иҟоу аконференциақәеи аиԥыларақәеи аҵарауаа рзы еибарбеиароуп.
90 шықәса раԥхьа нанҳәа 24 1927 шықәсазы Аҟәа аԥырсал ланашьҭит аӷба "Пестель". Ихараз атәыла Ефиопиантәи арахь иааргеит амаамынқәа. Абри амш ԥхьаӡоуп Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа анаадыртыз амш ҳәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аиубилеитә аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "ИЕПиТ 2022. Иацы, иахьа, уаҵәы".
Юбилейная научно-практическая конференция ИЭПиТ 2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2022
Аиубилеитә аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "ИЕПиТ 2022. Иацы, иахьа, уаҵәы".
1928 шықәсазы, апитомник анаԥырҵа ашьҭахь хышықәса ааҵуаны, ирыдыркылеит аӡбра ԥхьаҟазы ара ҩ-жәлахкык амаамынқәа: апавианқәеи амакакақәеи рааӡалоит ҳәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара аинститут ааха ӷәӷәа анаҭеит. Уаанӡа иҟаз 3,5 нызқь маамын рҟынтәи аибашьра анеилгоз Аԥсны иахьаҵанакуа иаанханы иҟан 150 маамын.
Уажәы апитомник аҿы инхоит: акапуцинқәа, амакакақәа, апавианқәа, анубисқәа, гамадрилқәа. Асовет аамҭазы НИИЕПиТ аҟны имҩаԥысуаз аҭҵаарақәа реиҳарак аинфекциатә паталогиақәа рыҭҵаара иазкын.
Иахьагьы аинститут аҿы аԥышәарақәа мҩаԥыргоит. 2016 шықәсазы НИИЭПиТи Н. Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи ринститути аимҳәаду аҟынтә алаҵа аԥырҵеит.
2015 шықәсазы аусура иалагеит апроект – агеронтологиа аҭҵааразы. Аинститут афизиологцәа Аԥсны ашықәс ду змоу ауаа гәарҭоит. Абри аҩыза агәаҭара иахрыжьуеит амаамынқәагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0