Урыстәыла Аҳәынҭдума Аԥсны акредит азы иҟоу аԥҟарақәа реиҭакразы аԥкаанҵа азнархиеит

© Sputnik / Мария ДевахинаЗдание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве.
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
Абри азы жьҭаара 16 рзы Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара Аҳәынҭдумахь азакәан апроект нанашьҭит.
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭдума Аԥсны 2010 шықәса ԥхынҷкәын 24 азтәи акредит азы иҟоу аԥҟарақәа реиҭакразы аԥкаанҵа азнархиеит, уи ала 2034 шықәсанӡа аҿҳәара инахеит.
Азакәан апроект атекст инақәыршәаны, аԥкаанҵа шьақәырӷәӷәахоит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара нап зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа алагалазарц азы.
Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Чепа уаанӡа РИА Новости иазеиҭеиҳәахьан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акредиттә еиқәшаҳаҭра аамҭа ишацҵатәу, избанзар ари азҵаара "апартниорцәеи аигәылацәеи рыбжьара иаабац усуп" ҳәа ахҳәааны.
Ажәабжьқәа зегьы
0