"Аԥша ҟәанда асуазар": амш зеиԥшрахо азгәаҭарақәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Осень в Реликтовом Национальном парке
Осень в Реликтовом Национальном парке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Анапаҵаҩра
Амш зеиԥшрахо азы жәлар разгәаҭарақәак рыӡбахә далацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амш ҳазшоит ҳаззыԥшу, зегь ҳазхьыԥшу, иара цәашьҵас иаҳзаркуп. Шаҟаҩы ргәазыҳәарақәеи рыгәҭакқәеи амш иадырҳәалоузеи!
Пчела опыляет цветок - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Атест: амш зеиԥшрахо аилкааразы жәлар разгәаҭарақәа жәдыруама?
Анхара-бзазараҿы адгьыл хутуама, уқәаарыхуама, аҽаҩра еинугалоума, ҳаԥсҭазаара иахәҭаку цәгьарак-бзиарак уҽазыҟауҵома, ма баша дәахьтәи уск аҟаҵара угәы иҵхозар, абарҭқәа зегь рынагӡара зыбзоурахо амш бзиоуп.
Наџьнатәаахыс адгьыл ақәаарыхра знапы алакыз аԥсуа жәлар амш зеиԥшрахо аилкаара иазҿлымҳан, аҳауатә ҽеиҭакрақәа ирыцклаԥшуан. Урҭ азҿлымҳарақәа ирхылҿиааит амш зеиԥшрахо иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа.
Ҳарзааҭгылап урҭ азгәаҭарақәак:
Ақәарԥсса кыр инаскьоит, ақәаршаҩы ӷәӷәа лассы ихнагоит, - рҳәоит аԥсуаа.
Ақәа ӷәӷәа анаулак адыдра мыцхәы ихҭанакыр, амш еилгоит.
Аԥсҭҳәа адгьыл ианықәчуа, амш бзиа иатәуп.
Аԥша ҟәанда асуазар, ашоура бааԥсхоит, аԥша хьшәашәа анасуа, амш бзиа ҟалоит.
Ашьыжьымҭан амра шыҩагылалак аԥсҭәҳәа иалалар, амш цәгьахоит.
Аладантә (амшынахьтә) аԥша ӷьы асуа иалагар, амш цәгьахоит.
Акәытқәа аҵалаԥшра хҭаркыр, амш цәгьахоит.
Ажәқәа аарҩараан цәыкьа игәарлауа иалагар, амш цәгьахоит.
Аԥхын аарҩараан уахыла хьҭахауа иалагар, амш акраамҭа еилахәом (ицәгьахом).
Амра ҭашәаразы аԥсҭәҳәа иалахар, амш цәгьахоит.
Амзаҿа мыцхәы илакьы-хәахәаны иҟазар (аԥхын) аарҩара иатәуп, ӡынызар - ахьҭа ӷәӷәа.
Ахьа, ма абна раса рацәаны ианыҟало ашықәсан аӡынра цәгьахоит.
Хышықәса инеиԥынкыланы иаарҩаразар, аԥшьбатәи ашықәс ӡысаамҭахоит азгәарҭоит абжьыуаа аӡәырҩы.
Ахәырмасса хьыдышьшь иҿалар, аӡынра цәгьахоит рҳәоит.
Асыжә акраамҭа ишьҭымҵуазар, ас-ҿа иазыԥшуп рҳәоит.
Астатиа ахәыркәшамҭазы иаазгар сҭахуп аԥсуа поет Вахтанг Аԥҳазоу иажәеинрала "Амш зеиԥшрахо" ацыԥцәаха:
Есымша ҿыцны ҳҽыззаҳкуа
Еиԥшымзаргь, ҳашьҭоуп иаҳгәаԥхо.
Ҳнеибеиԥшны шьцыларак хҭаҳкуеит,
- Ҳазхәыцуеит амш зеиԥшрахо.
Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2019
Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0