Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Кәыдрытәи ацҳа ааигәара

© Sputnik / Томас Тхайцук Память жертв политических репрессий почтили у Кодорского моста
Память жертв политических репрессий почтили у Кодорского моста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Анапаҵаҩра
ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа раан ареспубликатә политикатә репрессиақәа ирыланҵәеит 7 000-ҩык инареиҳаны.
АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинтеллигенциа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, адин амаҵзурауаа, арепрессиа иаҵанакыз рыуа-рҭахы жьҭаара 31 рзы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Кәыдрытәи ацҳа ааигәара.

"Асеиԥш зыҟаҳҵо аиҳарак аҿар рзоуп. Аиҳабыратә абиԥара ирдыруеит арепрессиақәа закәу. Иаҳҭахуп аҿаргьы арҭ аамҭақәа ртәы рдыруазарц, харада ахара зхараҵаз иреиӷьыз ҳауаажәлар ргәаладыршәаларц", - лҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩ, 40 шықәса инарзынаԥшуа ари атема ҭызҵаауа Екатерина Бебиаԥҳа.

Акциа Кәыдрытәи ацҳа ааигәа-сигәатәи аҵакыра башамаша иалхӡам. Ари аӡиас аԥшаҳәаҿоуп драндатәи абахҭа иҭыганы ауаа ахьыршьуаз.
"Кәыдры аӡиас аԥшаҳәаҿы ауаа кыдҵан иршьуан. Ажәала еиҭаҳәашьа амаӡам ари ахҭыс. Иршьыз ауаа рҭахцәа ирзеилмыргарц азы акьыр рықәҭәаны ирбылуан. Уа еиларыжьуаз рызқәаҭыԥ даҽаџьара аҟалара руамызт. Усеиԥш зҽазызкызгьы шьран ирзыԥшыз", - лҳәеит Бебиаԥҳа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Кәыдрытәи ацҳа ааигәара

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Кәыдрытәи ацҳа ааигәара - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Лара илҳәеит аполитикатә ҵаҵӷәала иҭакыз ауаа ари аҭыԥ аҿы адагьы Гагреи Аҟәеи ишыршьуаз.
"70-80 процент иршьуаз Дранда абахҭа иҭакыз роуп", - лҳәоит ауснагӡатә аиҿкааҩ.
ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика иахҟьаны Аԥсны харада ахара рыдҵан иҭархан быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еиуеиԥшым амилаҭқәа иреиуаз. Урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса рхыҵуан. 2006 шықәса раахыс жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш.
Екатерина Бебиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2017
Арадио
Бебиаԥҳа: қыҭацыԥҳьаӡа сцаны арепрессиа иалаӡыз рҭоурых анысҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0