Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арра-патриоттә хәмаррақәа "Аиааира-2022" Баӷмаран имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Марш-бросок Ассоциации силовых структур Абхазии
Марш-бросок Ассоциации силовых структур Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Анапаҵаҩра
"Аиааира" 2020 шықәса аахыс имҩаԥырымгацызт акоронавирус апандемиа иахырҟьаны.
АҞӘА, жьҭаара - Sputnik. XIV Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа рзы арра-спорттә хәмаррақәа "Аиааира" ахысырҭа Баӷмаран аҿы имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит "Абаза-ТВ".
"Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегь рҟынтәи еизгоу акомандақәа алахәуп. Ауснагӡатә ҩ-етапкны имҩаԥысуеит. Актәи аетап аан араионқәа рҿы алкааратә еицлабрақәа мҩаԥыргоит, еизгоу акомандақәа еиҿыркаауеит", - иҳәеит аицлабра аӡбаҩ хада, Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ Аслан Ҭаркьыл.
10-11 аклассқәа рҵаҩцәа аҩра, аишьҭагыланыҟәара, автоматқәа реимыхреи реибыҭареи, ахысра уҳәа рзы еиндаҭлоит.
Аицлабра иалахәуп Аԥсны араионқәеи Аҟәа ақалақьи ркомандақәа. Зынӡа аа-командак.
Аиҿкааҩцәа – Аԥсны Аҵара аминистрра, Атәылахьчара аминистрра. Ауснагӡатә хыркәшахоит абҵара 4 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0