Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мықәԥҳа аспектакль "Сариа" аҿы аиҭаҳәаҩ лроль иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мықәԥҳа аспектакль «Сариа» аҿы аиҭаҳәаҩ ироль иазкны
Анапаҵаҩра
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аспектакль "Сариа" адыга-аԥсуа театрқәа ррегионбжьаратә фестиваль "Кавказский меловой круг" аҟны адиплом ҷыда иаԥсахеит, иара уи адагьы иреиӷьу аԥҳәыс лроль ҳәа далкаан актриса Хьыбла Мықәԥҳа.
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актриса Хьыбла Мықәԥҳа арадио Sputnik аефираҟны илҳәеит, атеатр ахырхарҭала аус луеижьҭеи ари аҳамҭа шраԥхьатәиу лара лзы.
"Сагьақәгәыӷуамызт. Уажә аԥхьагьы ҳцахьан афестиваль ахь, аха уажәтәи ҳцараан ари аноминациа сагьызхәыцуамызт. Ҳахьнеиз ауадаҩрақәа ҳазцәырҵит, ианаамҭоу ҳдекорациа ҳзықәмыргылеит, аҽазыҟаҵаразы аамҭа ҳмоуӡеит, ақәыргыламҭа раԥхьаӡа акәны асценахь ҳаацәырҵны ҳахәмарит, ажәакала, сазыԥшӡамызт", - лҳәеит Мықәԥҳа.
"Сариа" аҟны лроль атәы дазааҭгыло актриса илҳәеит, аханатә аиҭаҳәаҩ апиесаҿы дшарбамыз.
"Ари ароль апиеса иалаӡамызт. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лхаҭа илхәыцит. Иансыдылгала, аспектакль еиқәдыршәахьан. Атекст шырацәаз анызба, сшәеит, актиорцәа зегьы ррольқәа рҵахьан. Мадина ари сара соуп ибыхәмаруа лҳәеит, лара лхаҭа еиқәлыршәаз текступ, илыркьаҿырцгьы слыҳәеит. Баша угылан атекст улырҳәаӡом лара, апластика ацуп, убри аҟнытә иуадаҩын", - азгәалҭеит Мықәԥҳа.
Актриса иара убасгьы еиҭалҳәеит актиорцәа рҟазара аизырҳаразы афестивальқәа инарыгӡо ауси акритикеи дшазыҟоу ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0