Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәеи рколлегацәеи еиԥылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Делегация парламентского собрания Союза Беларуси и России встречается с Лашей Ашуба
Делегация парламентского собрания Союза Беларуси и России встречается с Лашей Ашуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәа рделегациеи аԥснытәи рколлегацәеи еиԥылеит абҵара 1 азы.
Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба асасцәа аԥсшәа раҳәо иҳәеит, Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәеи Аԥсни реинырра аҵак ду шамоу. Аԥсны-урыстәылатә апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа СССР анеилаҳа ашьҭахьгьы еиԥымҟьаӡеит ҳәа азгәеиҭеит.
"Ҳара даара пату ақәаҳҵоит шәареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Володин инаԥхьарала официалла ҳделегациа Москва аҟазаара. Ҳколлегацәа Аԥсныҟа раара азгәаҭоуп", - иҳәеит иара.
Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизареи Аԥсны Апарламенти реизыҟазаашьақәа шьақәгылеит 15 шықәса раԥхьа.
"Ишыжәдыруа еиԥш 2008 шықәса жьҭаарамзазы Москва, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рпарламентқәа иҟарҵаз азыҳәала, ари Аидгыла еснагь иалахәу ахылаԥшыҩцәа реиԥш ҳрыдыркылеит. Иҳарҭаз адгыларазы иҭабуп ахаҳҳәаауеит, уи ҳара ҳзы акраҵанакуан", - иҳәеит Ашәба.
Лаша Ашәба иара убасгьы иазгәеиҭеит, Белоруссиа ахада Аԥсныҟа иара ҳтәылақәа реизыҟазаашьа алшара ҿыцқәа азҭо хҭысны ишыҟаз.
Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара аҿар рполитикеи, аспорти атуризми рзы акомиссиа ахантәаҩы Туров аԥснытәи иколлега иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Ҳара ҳзы ари ахырхарҭа акраҵанакуаны иҟоуп. Апарламенттә еизара аҿар рполитикеи, аспорти атуризми рзы акомиссиа уи нап аднакылоит, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу алшарақәа азгәаҭаны", - иҳәеит иара.
Туров иҳәеит аделегациа ишалахәу Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутатцәа, Беларуссиа Амилаҭтә еизара Апалатақәа рхаҭарнакцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0