Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа "Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа" азы: ауаҩы дарччап ҳәа иҟаҵаӡам, дзырхәыцша ауп

Кәарҷиа «Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа» азы: ауаҩы дарччап ҳәа иҟаҵаӡам, дзырхәыцша ауп
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиор Ахра Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акомедиатә скетчқәа рыла ишьақәгылоу "Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа" ақәыргыларазы аусурақәа шцози, иара режиссиорк иаҳасабала иоуз аԥышәеи ртәы.
Абҵара 2 асааҭ 19:00 рзы Аԥсуа Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ахәаԥшцәа ирыдыргалоит ақәыргыламҭа ҿыц, акомедиатә скетчқәа рыла ишьақәгылоу "Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа" ҳәа хьӡыс измоу аусумҭа.
Режиссиорк иаҳасабала Ахра Кәарҷиа изы ари ақәыргыламҭа раԥхьатәи усумҭоуп. Арадиоефир аҿы иара еиҭеиҳәеит аскетчқәа рахь дхьазырԥшыз атәы.
"Актиорк иаҳасабала еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа анааурԥшлак, ҩныҵҟатәи режиссурак цәырҵуеит. Срежиссиорхарц ҳәа сҭахын ҳәа шәасҳәар, уи мцуп, аха "Чарирама" аӡбахә акырынтә исаҳахьан. Актиорцәа дуӡӡа рыхәмарра сахаанӡам, аха авидеокадрқәа иаанхаз сызхәыԥшыц акырынтә иҟоуп. Еснагь исҭахын ус еиԥш аусумҭа ақәыргылара. Ҳхы ԥаҳшәап ҳәа исыԥхьаӡеит", - еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Актиор иазгәеиҭеит ажәабжьқәа ралхраан хықәкыс имаз, уи ала ахәаԥшцәа ирызнаиграц ииҭаху ртәы.
"Арепертуар алхра ауаҩы дарччап ҳәа иҟаҵаӡам. Дзырхәыцша, иахьатәи ҳапроблемақәа - ҳполитикаҿы, ҳбызшәаҿы, ҳара-ҳара ҳаизыҟазаашьаҿы иҟоу, ауаа ргәы иҵхо излауаз ала ацәыргара зҽазызшәеит. Ари раԥхьатәи сусумҭоуп, агхақәа ҟамлакәа иҟалаӡом, аха угәы шьҭызхуа ауаа анувагылалак, уаргьы аума улшошәа убоит", - еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0