Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма алахәхараз 100 инреиҳаны арзаҳалқәа нашьҭуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВесенняя посевная в Краснодарском крае
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақыҭанхамҩа апрограмма иазоунашьҭит 100 миллион мааҭ.
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма алахәхараз 100 инреиҳаны арзаҳалқәа нашьҭуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ақыҭанхамҩа аиҳабы Беслан Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, арзаҳалқәа ахьырацәахаз инамаданы аминистрраҿы аамҭала арзаҳалқәа рыдкылара ааныркылеит. Ашықәс ҿыц инаркны акомиссиа иреиӷьу апроектқәа ралхра иалагоит.
2023 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақыҭанхамҩа апрограмма иазоунашьҭит 100 миллион мааҭ.
"Апрограмма ҩышықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи. 2023 шықәсазы ԥсахрақәак алагалахоит, арахәааӡара аганахь ала. Ҩышықәсати аԥышәа иаҳнарбеит зыжәла бзиоу арахә Аԥсныҟа раагара ауадаҩрақәа шацу, урҭ раахәарагьы шымариам. Аԥара баша аԥша иамгарц аҽа усхкқәак ирызҳархарц ҳаӡбеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Сынтәа аҵиаатә культурақәа рырҿиара, аусеиҭадуларатә ааглыхра, афермерцәа рзы атехника аахәара хшыҩзышьҭра аҭахоит.
Аминистр иажәақәа рыла арахәааӡаҩцәа жәпаҩык амотоблокқәеи атракторқәеи раахәара иаҳәоит.
Џьопуа иҳәеит апрограмма арегламент ала проект-цыԥхьаӡа миллионк-миллионк азоужьҭхоит ҳәа, иара убасгьы ҭаацәак ҩ-проектк иреиҳамкәа агрант роуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0