Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҟәыруа Гурам Гәбаз изы: иԥышәа, иуаҩышьа аихамҩа аусура алҵшәа ианыԥшуан

Ҟәыруа Гурам Гәбаз изы: иԥышәа, иуаҩышьа аихамҩа аусура алҵшәа ианыԥшуан
Анапаҵаҩра
Зыдунеи зыԥсахыз "Аԥснытәи аихамҩа" раԥхьатәи анапхгаҩы Гурам Гәбаз иџьабааи илшамҭақәеи ртәы игәалаиршәеит арадио Sputnik аефир аҟны анаплакы анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Гурам Сардион-иԥа Гәбаз акыр аамҭа аус иухьан аихамҩаҿы, иара иџьабаа рацәоуп аибашьра ашьҭахь Аԥсны аихамҩа аиҭашьақәыргылара аус аҟны. 1992 шықәсазы Аԥсны Ареспублика Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Аахыҵ Кавказтәи аихамҩа Самтредтәи аҟәшаҟны Аԥсны ахаҭарнакс дыҟан. Иара дақәшаҳаҭымкәа Аԥсны аихамҩа аусура азҵаарақәа рыӡбаӡомызт. 1993 шықәса жәабранмзазы Гурам Гәбаз Аԥсны Аихамҩатә усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа рынагӡаҩс дҟарҵеит.
"Гурам Сардион-иԥеи сареи аус маҷымкәа еицаҳуит. Аиашазы, аиҳабҵас акәымкәа аиашьа еиԥш дыҟан. Уи ҳара ҳакәымызт изыбзоураз, иара ус дыҟан азы ауп. Аусура иазнеишьа, иԥышәа, иуаҩышьа абрҭқәа зегьы алҵшәагьы аанагон, ламысла, патула, ԥсыуала дазнеиуан зегьы, аусгьы еиҿкааны иаҳуртә аҭагылазаашьа ыҟан", - иҳәеит Ҟәыруа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0