Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиубилеи рыдиныҳәалеит аҵарауаа

© Sputnik / Томас Тхайцук Торжественное заседание, посвященное 25-летию АНА
Торжественное заседание, посвященное 25-летию АНА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵан 1997 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵаралеи атәыла ахада иусԥҟалеи.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит аҵарауаа реилазаара ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиеҭит академиа шаԥҵаз иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы, аха ареспубликазы аҵак ду аманы ишыԥхьаӡаз.
"Ҳҵарауаа рылшамҭақәа ҳтәылаҿ аиԥш анҭыҵгьы еицазгәарҭахьеит. Шәара шәусура, шәыҭҵаарадырратә рҿиамҭақәа рыла адунеи аҿы ирдыруеит ҳтәыла аҭоурых-культуратә ҭынха аӡбахә, ҳмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара аҭоурых, ахьыԥшымраз ҳақәԥара аҭоурых", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Бжьаниа иҳәеит иахьа Академиа еиқәшәоу аҭҵаарадырратә еилазаараны ишыҟоу, ишаԥнаҵо иахәҭоу аҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аҿар русуразы. Ахада аҵарауаа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, Аԥсны ахьӡала рнапы злаку аус аҿы аизҳарақәа.
Научная конференция аспирантов и молодых ученых в Академии наук Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2022
Аԥсны
Аҟәа иаатит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиубилеи иазку аконференциа
Ажәабжьқәа зегьы
0