Збаҩхатәра ҳаигәырӷьо арежиссиор

© Foto / из архива Вячеслава Аблотиа Вячеслав Аблотиа
Вячеслав Аблотиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Анапаҵаҩра
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор, "Аԥсныфильм" асахьаркыратә напхгаҩы, Урыстәыла акинематографистцәа Реидгыла алахәыла Виачеслав Аблоҭиа жьҭаара 19 рзы ихыҵит 80 шықәса.
- Бзиара умазааит, ҳаҭыр зқәу Виачеслав Андреи-иԥа! Ааигәаӡа иаалырҟьан 80 шықәса ухыҵит ҳәа Аԥсны зегьы ажәабжь бзиа аарылаҩит! Уи ажәабжь раԥхьаҵәҟьа ихазымҵаз рхыԥхьаӡарахь сыҟан саргьы! Аха нас, ателехәаԥшрақәеи арадиоқәеи зегьы еицҿакны ус ауп анырҳәа, саргьы сақәшаҳаҭхеит! Виачеслав, сара уара раԥхьаӡа уахьызбаз, усҟан Ҷлоутәи абжьаратәи ашколаҿ аспектакль "Чарирамаа" шәыман шәанҳазнеиз, 6 класск рҿы стәан. Уаҟа шәыхәмаруан Сергеи Сақаниеи, Амиран Ҭаниеи, Зыхәба Мажареи, уареи. Исгәалашәоит даҽазынгьы усҟан Ҭхьына ақыҭан "Чарирама" ықәгылоит ҳәа анҳаҳа, Ҷлоу ақыҭан Аимара аҳаблан инхоз ахәыҷқәа гәыԥҩык ҳҽааидаҳкылан шьапыла мацара ҳцеит!.. Ауха амза ҳақәыҷҷо шҭа дук аҿы ҳшәыхәаԥшуан хәыҷгьы-дугьы ҳкьатеиқәа ԥҵәо!..Уи сара иахьагьы ахәшеиԥш сгәы иқәуп… Уара ишԥоугәалашәо урҭ ашықәсқәа?
- Аԥсуа театр "Чарирама" Аԥснытәи афилармониаҿы еиҿкаан ашәҟәыҩҩ ду, адраматург Шьоҭа Ҷкадуа ибзоурала. Сахьаркыратә напхгаҩыс дҳаман СССР Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа. Убри аамҭа, иреиӷьыз аамҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, избанзар, Аԥсны ахи-аҵыхәеи ҳархысит. "Чарирама" аауеит ҳәа анраҳалак, ажәлар рқыҭа амҩа иангыланы иаҳзыԥшын, избанзар, аԥсуаа дара ақыҭауаа ргәалақәа, рыпроблемақәа асценаҟынтә иаартны ишаҳҳәоз рдыруан, ҳәараҭахума, аиумор аҵаҵаны. Убарҭ иҳарҭоз аԥхарра ҳгәы шьҭнахуан, рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылон. Иара убри атеатр атрибутика, амузыка, асабрадақәа зегь хаҭала сара сравторын.
© Фото : АбхазфильмАрмарахьтәи арыӷьарахь: актәи Владимир Хотиненко, аҩбатәи Иван Дыховичныи, ахԥатәи Виачеслав Аблоҭиа, афбатәи Иури Мамин
Слева направо: первый Владимир Хотиненко, второй Иван Дыховичный, третий Вячеслав Аблотиа, шестой Юрий Мамин. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Армарахьтәи арыӷьарахь: актәи Владимир Хотиненко, аҩбатәи Иван Дыховичныи, ахԥатәи Виачеслав Аблоҭиа, афбатәи Иури Мамин
- Уареи сареи аҩбатәи ҳаиқәшәара анымҩаԥысыз Б. Шьынқәба иҩымҭа иалхны Киевтәи акиностудиаа "Хҭырԥа Шкәакәа" захьӡу афильм Ҷлоу ақыҭан Аимара аҳаблан ианҭырхуаз ауп. Усҟан 10 класск рҿы стәан. Уареи, уҩызцәа Аԥсны жәлар рартистцәа Олег Лагәлааи, Амиран Ҭаниеи саб ҳаҩныҟа шәымҩахигеит. Уи аҽны афильм аҭыхра ԥыҭк шәагхеит, аха шәаннеи, арежиссиор хада Совелиев акгьы "шышәхарамыз" еиликааит!.. Избанзар, саб ичеиџьыка иаргьы ацәҟьеиԥш даҿашәахьан!.. Уара ишԥоугәалашәо урҭ аамҭақәа, ишԥаурҭеи уаҟа иухәмаруаз ақьачақь ироль?!
- Анатоли, ура бзиа збаша, ачеиџьыка ануҳәа, убасҟак аамҭа цахьеит, зыҟны ҳахьымнеиз ыҟаӡам. Амала, сҩызцәа сара сыда ачеиџьыка иазыманшәалан, избанзар, ишырҳәо еиԥш, "акәац ахьеиҿырхуаз, цгәык рыдыԥсылеит" ҳәа, сара арыжәтә усҟак сазыманшәаламызт, уаха шаанӡа ҳавтобус сҭаианы сыцәан. Амала шәара шәҿы саныҟаз схашҭӡом, ачеиџьикагьы хаан, аха уи иацыз аҳаҭырқәҵареи аԥсуареи акы еиԥшымызт…Убри "Хҭырԥа шкәакәа" анҭаҳхуаз аамҭазы иазысыӡбеит акино ахь схы сырхап ҳәа. Иара уаанӡагьы атеатр аҟны аус анызуаз схала ҳактиорцәа ҭысхуан, ҳгастрольқәа уҳәару, ҳаспектакльқәа уҳәару. Насгьы, ақьачақь ироль акәӡамызт исыхәмаруаз уи афильм аҟны, анхаҩы аҿаҳа ироль акәын. Иара убри ароль анынасыгӡа ашьҭахь, исанаршьеит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа. Аамҭа бзиан аиаша уасҳәап.
Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2020
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи
- Виачеслав, уара утеатртә актиорын, ус акәын ҳара зегьы ишаадыруаз… Ишԥаҟалеи атеатр аҟынтәи акино ахь умҩахыҵра?!
- Жәашықәса атеатр аҟны аус анызу ашьҭахь, уажәраанӡа ишысҳәаз еиԥш, "Сшыбзиоу атеатр саҟәыҵны, акино ахь сиасып" сҳәеит, избанзар, уи аҟазара еиҳа амҿхак ҭбаауп сгәахәит… Хаҭала, аԥсуа фильмқәа ԥсышәала ицәажәо, аԥсуа-цәа рханы иҭырымхӡацт сҳәан, уахь сеихеит. Сагьҭалеит Москва арежиссиортә ҟәша Георги Данелиа иҟазарҭаҿы. Акино ҟазаратә лекциақәа иаҳзаԥхьон иреиӷьыз арежиссиорцәа: Георги Данелиа, Никита Михалков, Ельдар Риазанов, Андреи Тарковски уҳәа убас иҵегь. Убарҭ рыбзоуралоуп иахьа срежиссиоруп ҳәа схы сыԥхьаӡартә сзыҟоу. Иагьаумҳәан, арежиссиор алитература уҳәару, амузыка уҳәару, асахьаҭыхра уҳәару, иара аԥсҭазаара атәы идыруазар ауп. Уи адагьы арежиссиор даԥсыуазар, иҟаиҵо иусумҭақәа аԥсуа цәа рхазароуп. Уи ушьа иаламкәа иузынагӡаӡом аԥсуа фильм.
- Иахьа рдублиаж ҟауҵахьеит "Аԥсуа бызшәа афонд" ацхыраарала адунеи аҿы еицырдыруа ахәыҷқәа рзы афильм ссирқәа. Урҭ аԥсшәахь реиҭагареи, абжьы рхаҵареи, ус даарак имариоу акакәӡам. Убри аус аҿы иуцхраауада, иҵәатәышьаҟаны иувагылада?
- Раԥхьаӡа аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә Фонд анааты, исывагылаз Ҭали Џьапуаԥҳа лоуп. Иҳаӡбеит хаҭала афильмқәеи, амультфильмқәеи аԥсшәахь реиҭагара, хаҭала, актиорцәа алархәны. Исгәалашәоит убасҟан еиҭаган раԥхьатәи амультфильм "Алым хәыҷи акәуеи ашәа шеицырҳәоз". Иара убри нахыс сагьалагеит адублиажқәа рыҟаҵара. Абызшәа Афонд Гәында Кәыҵниа данахагыла нахыс, адублиаж аҟны даасывагылеит аредактор иаҳасабла. Абар, иахьа ишыжәдыруа еиԥш иҭыҵхьеит ҩажәи жәохә хкы адунеи бжьаратә классика иатәу асахьаркыратә фильмқәеи, амультфильмқәеи еиҭаган аԥсуа бызшәахьы, "Аԥсуафильм" астудиаҿы абызшәа афонд анапынҵала. Амала рыцҳароуп иара абызшәа Афонд ахьаԥырхыз. Аԥхьаҟа уи иҟанаҵараны иҟаз рацәан. Иагьа ус иҟазаргьы, "Аԥсуафильм" иахьа ахатә ус нанагӡоит.
Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2019
Арадио
Аблоҭиа: ахәыҷқәа аҩны аԥсуа мультфильмқәа, аԥсуа фильмқәа дырбалатәуп
- Ҳара даара иаҳҭахуп уара узхагылоу "Аԥсуафильм" аҿиара аиурц, уажәы инеиҵыху, зметраж дуу афильмқәа раԥҵара шәалагеит, аха иҵегь рхыԥхьаӡара азҳауазар акәхап. Убри азы, иреиӷьӡоу алитературатә ҩымҭақәа шәылаԥш иҵашәалар ҳҭахуп… Иаҳҳәап, ҳашәҟәыҩҩ ду, ҳаклассик Алықьса Гогәуа иповест "Мшәагә хәыҷи Мшәагә дуи?" реиԥш иҟоу, асценеи, асахьаркыратә фильми рахь зиагара рацәаӡак иуадаҩым.
- Иара "Аԥсуафильм" акиностудиа еиҿкаан 1989 шықәсазы. Убасҟаноуп зметраж дуу афильм "Напыхьараџь" анҭыхыз. Иара убас уҳәаргьы ауеит, раԥхьатәи аԥсышәала иҭыжьу афильм ҳәа. Избанзар, Аԥсны абиуџьет ала иҭыхын. Ҳәарада, уаанӡа Қарҭ аус анызуаз, Даур Занҭариа исценари ала афильм "Асувенир" аԥсышәала иҭысххьан. Аха уи аалыҵ ҳара иаҳтәымызт. Асовет ҳәынҭқарра абзоурала иҭыхын. Ари "Напыхьараџь" аԥсуаа ҳаалыҵ ауп, убри аҟынтәи раԥхьатәи ԥсыуафильмуп, аԥсуа киноматографиа ашьаҭа аркуп ҳәа уҳәар ауеит. Иҭухша аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа хәцәахьы ҳалатәоуп, аха атехника, афинанс мыжда ҳамам. Иахьа ҳҭагылазаашьа ҽеизҭгьы, гәаҳәараны исыман ҳадраматург заҵә Анзор Мықәба ипиеса "Қьалашьбеи" афильм алхны ақәыргылара, аха… Еилаҳкаар зыхәҭоу акоуп: Акино апропаганда иҟанаҵо, амилаҭ рааӡара аҿоума, абызшәа аҿоума, даҽа ҟазарак убысҟак зылшо ыҟаӡам. Абри ҳхаҿы имааикәа аԥсуа киноматографиа зҿиуам.
© Foto / из архива Вячеслава Аблотиа Вичеслав Аблоҭиеи Анри Гәымбеи
Вячеслав Аблотиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2022
Вичеслав Аблоҭиеи Анри Гәымбеи
- Виачеслав, рыӡбахә уҳәар ҳҭахуп уара даара иуқәманшәалахаз ҳәа иуԥхьаӡо, здублиаж ҟауҵаз афильмқәеи, атеатр аҿы иухәмарыз арольқәеи…
- Сара адублиажқәа зегь сықәманшәламхеит ҳәа сыԥхьаӡом, избанзар, 15 шықәса исывагылоу актиорцәеи абжьы арежиссиор Анри Гәымбеи иҳараку специалистцәоуп ҳәа уҳәар ауеит. Аха макьаназ абри зегь еилызкаауа дҟалароуп. Атеатр аҟны сус зыӡбоз ахәаԥшцәа ракәын. Санаацәырҵуа рнапы еинырҟьар, сроль сықәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡон, еинырымҟьар, ара стактика сыԥсахроуп сҳәон.
- "Аԥсныфильм" наҟ-наҟ иҵегь аҽарҭбаартә алшарақәа урзыԥшума? Иахьа абаҩхатәра змоу арежиссиор қәыԥшцәа ана-ара ацәырҵра иаҿуп, иҟоуп даара узықәгәыӷшагьы. Урҭи уареи аимадара шәымоума, аԥсышәала акино ҭырхыртә, уара иааувагылартә иҟоу аӡәыр рыӡбахә узҳәома?! Наҟ-наҟ аҵарахьы рышьҭразы аҿар алшәыԥшаауама, ацхыраара шәызрыҭома?
- Ҳәараҭахума, арежиссиорцәа ҿарацәеи сареи зны-зынла аимадара ҳамоуп. Урҭ зегьы кыр зылшо ҿарацәоуп. Аха рыцҳарас иҟоу, иԥсаҟьаны Урыстәыла иалоуп, аусурҭа рымаӡамкәа. Иаагап, Ҭемыр Кәакәасқьыр аурысқәа рнапанҵала асериал аҭыхра даҿуп, Наур Гармелиа уигьы убас даҿуп, Аҭана Агрба усда даанханы дыҟоуп, Инар Нарманиа Урыстәыла џьара дыҟоуп. Арҭ зегьы режиссиорцәа бзиақәоуп. Иарбан аԥсуа-цәа зхоу фильму иҭырхуа. Ҳкопеи ыҟам, ҳабаз ыҟам, изҭахыда?! Сынтәа агәыԥ еиҿаҳкаарц ҳҭахуп аҿар акино аганахьала аҵарахьы рышьҭразы. Уигьы мыцхәы ақәгәыӷра цәгьоуп.
Кадр из фильма Зимний вечер в Гаграх. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра
- Арежиссиор есымша иуснагӡа рацәоуп, ма асценариа даҿуп, ма акино ҭихуеит, мамзаргьы иаԥхьаҟа аус здиулаша афильмқәа "рхаҳәҵәаҳә" еизигоит!.. Имаӡамзар, шьҭа ашықәс анҵәара ԥшӡала рацәак агым, сынтәала ҿыц ҳазлаургәырӷьарц угәы иҭоуи?!
Сынтәатәи ҳус хәыҷы наҳагӡеит. Зметраж кьаҿу афильм "Аҵыргәақәа" ҭаҳхит, зметраж дуу афильм "Малефисента" аԥсуа бызшәахьы еиҭаҳгеит. Ари зегьы жәамз ҳадхалеит. Абжьааԥын арежиссиор, асценарист асценариа аныҟаиҵалак ашьҭахь ауп аԥара данашьҭало.
Ҳарҭ надаада раԥхьа аԥара ҳаԥшаауеит, иауазар, насоуп асценариа ҳанашьҭало.
Ажәакала, аԥара ҟалар, шәызласыргәырӷьо сыԥшаап!..
- Баграт Шьынқәба 60 шықәса анихыҵ, "Ех, аф зысша, хынҩеижәа!" иҳәеит!.. Уара ԥшьынҩеижәа шықәса ухыҵит, ари қәра дууп, қәра бзиоуп!.. Уара аусура ушаҿыз, ушеилахаз иухҭыгәлеит!.. Шәышықәса анухыҵуагьы, убас умахәарқәа еилҳәаны, бзиа иубо уус ԥшьа ушаҿу, уиубилеи ааиуа анцәа иҟаиҵааит! Иахьатәи умш, уиубилеи, уи исахьаркны иуҳәозар, ԥшьынҩеижәатәи ашьхоуп, ашәктәи ашьха ушахыҵуа агәра зго, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа зегьы рыхьӡала иудысныҳәалоит!
- Ашықәс рацәа акәӡам ара иҟоу. Уара узҿу уус рдырыр, иргәаԥхар, ахәшьара аҭаны иувагылар, усҟан кыргьы нуҵуеит, утәылагьы уахәоит… Ҳаигымзааит зегьы, иаииуа Ашықәс Ҿыц аизҳареи, аманшәалареи, аҭынчреи, агәабзеиреи рзаанагааит ҳаԥсеиԥш бзиа иаабо ҳажәлар!
Ажәабжьқәа зегьы
0