Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Анқәаб аԥсуа-абаза ҿар реиниара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Анқәаб аԥсуа-абаза ҿар реиниара иазкны
Анапаҵаҩра
Ҟарачы-Черкесск имҩаԥысуаз Абаза бызшәа алитературатә фестиваль иалахәын Аԥснынтәи аҿар. Аԥсуа-адыга афилологиатә центр аиҳабы Ахра Анқәаб арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит, аԥсуа-абаза ҿар злахәыз аусмҩаԥгатә атәы.
11-ҩык ААУ астудентцәа афестиваль рхы аладырхәит. Аԥхьатәи амшқәа рзы аҿарацәа реибадырра анаҩс реимадарақәа ӷәӷәахарцаз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган ҳәа азгәеиҭеит Анқәаб аиҿцәажәараҿы.
Афестиваль иалахәын 200-ҩык инарзынаԥшуа. Ажәеинраалақәа ирыԥхьон аԥсышәалеи абаза бызшәалеи.
"Араантә инеизи, иара аҭыԥантәи аҿари реибабара угәы амырԥшаар ауӡомызт. Аҿарацәа рхы иазныжьны, еицыкәашаратәы, еицыхәмарратәы, еицына-иааиратә аамҭа рыҭан. Шьак еицызлоу шаку, ҩнуҵҟатәи ныррак рымоуп уҳәаратәы иаразнак еилаҵәаны иҟалеит, ианеиԥырҵуаз угәы амырԥшаар амуа аҟынӡа еидыҵуан", - ҳәа наҵишьит иара.
Аԥсуа-адыга афилологиатә центр аиҳабы Ахра Анқәаб иажәақәа рыла уажәшьҭарнахыс афестиваль аҿы аҭыԥантәи аҿар абаза бызшәа адагьы аԥсышәала иаԥхьо иалагоит ажәеинраалақәа. Иҟоуп аицәажәарақәа, анаҩстәи ашықәсқәа рзы алшара ҟалар, афестиваль Аԥсны амҩаԥгаразы. Аԥсуа-база Жәлар рконгресс ахада ибзоураны афестиваль аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкыло жәаҩык Аԥснытә жәаҩык абазатәылантә аԥхынтә мшқәа еицымҩаԥыргалоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0