Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа амилаҭтә шәарҭадара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа амилаҭтә шәарҭадара иазкны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә шәарҭадара азҵаара иалацәажәеит Асоциалтәи-аекономикатә ҭҵаарақәа рцентри Аԥсны жәлар рконгресс алахәцәеи, Аҟәа абҵара 8 рзы. Адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ицәырнаго ашәарҭареи, ҳҳәынҭқарра алшарақәеи ирзааҭгылеит аиԥылараҟны. Аԥсны жәлар рконгресс аиҳабы Давид Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҟны астол гьежь аҿы излацәажәоз аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
"Иубартә иҟоуп иахьа даара ашәарҭара ҳашҭагылоу. Ҳааигәасигәа аҭынчра, аҭышәынтәалара ыҟаӡам, уи ҳәарас иаҭахузеи, ҳара даара иҳақәыӷәӷәоит. 1992 шықәсазы ҳауаажәлар ҩнуҵҟала, доуҳала аибашьра иаҳа иазыҟаҵан. Бџьарс иҳамаз маҷӡан, аха ҳгәы рӷәӷәааны, насгьы ҳауаажәлар даара еидгылон, иахьа ҳшыҟоу ҳпозициа уахәаԥшыр даара ҳхьысҳауп. Асовет ҳәынҭқарра еилабгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит, иара Урыстәылагьы иубартә иҟоуп, иахьа шамахамзар аҿар аҳәынҭқарра хьчатәуп, уи азы ашьа каҭәатәуп ҳәа ихәыцуа ыҟоуп имаҷымкәа, аха ус ахәыцра змамгьы ауаа рацәахеит. Уимоу, Урыстәыла ныжьны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь иалҵны ицазгьы рацәаҩхеит. Ҳәарас иаҭахузеи, ус еиԥш ҳара ҳҿгьы иҟоуп аҿар рхәыцра "џьара еибашьрак цоит ҳара ишԥаҳԥырхагахари" ҳәа. Аҭакԥхықәра дук ҳаԥхьа ишьҭоуп ҳәа ихәыцуа маҷхеит ҳҿар. Сара даара сшәоит, насгьы ҳахьцәажәоз еибаҳҳәеит аҿар рҟны акыр аус утәуп. Ҳҿар рыхшыҩ аҟны инагатәуп ашәарҭара ҳашҭагылоу, уаҵәтәи амш азы аҭакԥхықәра даргьы ишрыду. Абригьы еилыркаароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам… Ҳаицәажәараҿы ус еибаҳҳәеит аконференциа мҩаԥаҳгарц ԥхынҷкәын агәҭа шыҟоу", - иҳәеит Ԥлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0