Урыстәыла атәылауаҩра зауз ирымырхыр алшоит Арбџьармчқәа рыхьӡ ахьыладырҟәуа азы

© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорт Российской Федерации
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә думахь инеит актәи ааԥхьараҿы ирыдыркылаз Урыстәыла атәылауаҩразы азакәан апроект ахь ахада иҟаиҵаз аиҭакра.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра зауз ирымырхыр алшоит Арбџьармчқәа рыхьӡ ахьыладырҟәуа азы.
Атәылауаҩра рымырхыр ҟалоит:
Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы изқәиҭым ҳәа ирԥхьаӡаз аҳәаанырцәтә ма жәларбжьаратәи Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара аусура анагӡаразы;
Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рнапынҵақәа рынагӡаразы заанаҵ идырны имцу адыррақәа раларҵәаразы;
Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыратә акзаара аилагара иазырхоу аусуразы ааԥхьарақәа рыҟаҵаразы;
Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәа рыхьчаразы, жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәарҭадареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьамчқәа ма аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иҟарҵо ашьаҿақәа рыхьӡ арцәгьара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рзы;
аконституциатә шьақәгылара мчыла аԥсахразы бџьаршьҭыхлатәи аҿагылара аиҿкааразы;
аҳәынҭқарратә усзуҩ иԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылареи аекстремизм азы ааԥхьара аҟаҵареи рзы;
Урыстәыла абираҟи агерби хәымгарыла азныҟәаразы;
амҵарсра, мчыла амхра, ақәылара, арҳәра, изакәанымкәа абџьар аахәара, амбжьахра, авандализм, ацәеижь ааха аҭара, иара убас аҵарҭыша аиура рзы.
Мшаԥы 5 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз азакәан апроект аҿы атәылауаҩра амхра азԥхьагәарҭон атеррористтә хырхарҭа змоу ацәгьоура, аҳәынҭқарра иаҿагылоу ацәгьоура хьанҭақәа рзы, иара убас анаркотикатә маҭәашьарқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршаразы, адокумент ԥаршеиқәа рыҟаҵаразы мамзаргьы атәылауаҩ ихаҭа иҭаххарала.

Азакәанапроект иазԥхьагәанаҭоит Урыстәыла атәылауаҩра зырҭаша 20 категориа ирыҵаркуа ахаҿқәа рзы аԥҟарақәа акыр раԥыхра, иара убас Урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы азин змоу ахаҿқәа ркатегориақәа арбақәан рышьақәыргыларазы атәыла ахада инапынҵақәа рырҭбаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0