Аӷба акаԥдан: Аԥсуа телехәаԥшра напхгара азызуаз Шамиль Ԥлиа игәаларшәаразы

© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Пилия
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра 1978-1993 шықәсқәа рзы напхгара азызуаз, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иазааԥсахьаз Шамиль Хәсин-иԥа Ԥлиа иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 90 шықәса. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит уи игәалашәара иазку анҵамҭа.
Шамиль Хәсин-иԥа Ԥлиа ихьӡ ануҳәо, зегь раԥхьаӡа иргыланы ухаҿы иааиуа Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурых ауп. Уи иара напхгара азиуан 1978-1993 шықәсқәа рзы. Ари зыҩуа схаҭа уаҟа аусура салагеит иара ихаан, аибашьра аԥхьа. Сынтәа 90 шықәса зхыҵуа Шамиль Ԥлиа инапы злакыз рацәан – ашәҟәыҩҩра, ажурналистра, ателехәаԥшра анапхгара. Абарҭ еиқәысыԥхьаӡаз рнаҩсангьы, Шамиль Хәсин-иԥа дымшынуаҩын. 1971-1978 шықәсқәа рзы хара иныҟәоз аӷба акаԥдан ицхырааҩс дыҟан. Абри аҵыхәтәаны зыӡбахә сымоу аҟазшьа акәзаргьы ҟалап ателехәаԥшра анапхгара аҭараҿы ихаданы ихы иаирхәоз аҟазшьа.

"Сҟазшьа цәгьан. Изырцәгьаз убри ауп, аӷба уанақәтәоу аныҟәцаразы алеишәа аҭахын. "Автономно" убра зегь уӡбалар акәын. Акаԥдан аҳәынҭқарра ахада диҩызоуп. Убри сашьцылан сара. Аусура сықәҿион, избанзар алеишәа сашьцылан", - ҳәа саҭеикит аибашьра ашьҭахь исиҭаз аинтервиу аҿы.

© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Ԥлиа
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Шамиль Ԥлиа
Иара дымшынуаҩымыз, убри азы ишәҟәыҩҩратә рҿиараҿгьы иубоит аныҟәарақәа ирызку азгәаҭақәа ржанр. "Аԥсҭазаара ацәқәырԥақәа" ҳәа иалкаауп урҭ анҵамҭақәа . "Сшымшынуаҩхаз" ахьӡуп уи ацикл аҿы автобиографиатә ҟазшьа змоу иажәабжьгьы. Араҟа аҭак ҟаиҵоит иҟазшьа иадҳәалаз азҵаатәы: "Раԥхьа иргыланы ачҳара! Насгьы агәҭаки агәаҳәареи рымазаара, урҭ рынагӡара азықәԥара!" Иара убас иажәеинраалақәа рӷьырак рҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дыззааҭгылоз асқьала иаԥныз аҭыԥқәа ирзикуан иажәеинраалақәа. Абар Европеи Азиеи рыбжьара иҟоу амшын аҟәара иазикыз ажәеинраала ацыԥцәаха "Аҵх Каспиа аҟәараҿы" захьӡу шеиҿкаау :
Аԥсаа мҿыхац, аԥсабара
Ацәа иалоуп иҭахәхәа,
Игароушәа амза агара,
Каспиа ихыршәлоуп ашәахәа…
Шамиль Хәсин-иԥа ирҿиараҿы иуԥылоит Аԥсны аҭоурых аҿы акрызҵазкуа ахаҿқәа ирызку ажәеинраалақәа "Н. Лакоба ипортрет", "Иуа", "Дмитри Гәлиа уахь" уҳәа ауаажәларратә, арҿиаратә хаҿқәа дышрызгәыдууз узырдыруа. Апоет иаҳасабала акыр уазҿлымҳахартә иҟоуп илирика, аха уи атәы сҳәаанӡа сеиҭагьежьуеит Аԥсуа телехәаԥшра анапхгаҩы иаҳасабала илшарақәа рахь.
1978 шықәсазы иаадыртыз ателехәаԥшра жәлар рмилаҭтә қәԥара иабзоурахеит, аха иаҭахын атехникатә мыругақәа, акадрқәа ралԥшаара. Иара ишеиҭеиҳәоз ала, амшын дхын, Аԥсны аиҳабыра ателехәаԥшра дахадыргыларазы адырра анирҭоз.
Шамиль Ԥлиа ибзианы дыздыруаз аусзуҩцәа еиҭарҳәоит даара аиҿкаара аус дшазҟазаз. Иара инысымҩа ҭызҵаауа иазгәарҭоит асовет аамҭазы ишаԥиҵаз СССР Ателерадиоеилахәыра хадаҿы (Гостелерадио СССР - Е. К.) аимадара бзиа, иара убас Нхыҵ-Кавказтәи ателехәаԥшпрақәагьы аус рыциуан ҳәа.
© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Ԥлиа
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Шамиль Ԥлиа
Хаҭала сара сызхаану аамҭақәа ртәы сҳәозар, избарҭан 1989 шықәсазы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ианасакьаҳәымҭаз аиҳабы иаҳасабала илшара шдууз ақырҭуа пропаганда аҿагыларазы. Даҽакала исҳәозар, Шамиль Ԥлиа ихаан аҟарагьы аԥсуа тележурналистцәа ахақәиҭра рыманы исгәалашәом. Усҟантәи аамаҭазы Аԥснытәи ОБКОМ аҿы аԥсуаа реиԥш, ақырҭуа коммунистцәагьы аус руан, имариамызт урҭ рцензуара аҿагылара, аха ус акәзаргьы, Шамиль Ԥлиа ателехәаԥшра "акаԥдан" иаҳасабала ихахьы игон хыхь иргәамԥхоз азҵаатәқәа зегьы.
"Обком ҳақәыӷәӷәон ҳара цәгьала. Урҭи сареи ҳаибарԥсны санааилакгьы, сара арҭ (аусзуҩцәа - Е. К.) срықәыӷәӷәон. Арҭ гәаауан, нас џьара ҳшьақәибаргылар акәын. Зегь акоуп ҳаибадырны аус ҳуан", - ҳәа саҭеикит уи аамҭа иадҳәалаз азҵаара анисҭаз.
Иара ус иҳәазаргьы, ҳҩызцәа ирҳәалон, ателехәаԥшреи арадиои ирышьҭуаз аматериалқәа обкомаа ианыргәамԥхалакгьы уахь ишиԥхьоз Шамиль Хәсин-иԥа. Иара уа даннеилкагьы, ирҳәоз дазыӡыруҩуан, нас даныгьежьлакгьы, иусзуҩцәа лахь риҭарашәа дирбон аиҳабыра. Аредакциаҿы зегьы ирдыруан уи ус ишиҟазшьаз, апартиа амч кьыс рнамҭарц азы аиҳабы ихаҭа ишихьчоз. Абарҭқәа зегьы сара срыхьӡеит.
Уажәшьҭа сиасыр сҭахуп усҟан ателехәаԥшра асистема шеиҿкааз ахь. Даара аҭакԥхықәра ду рыдын аредактор хадеи арежиссиор хадеи. Урҭ ракәын ауаҩы ателехәаԥшрахьы усура ҳәа дыргоу дрымгоу зыӡбоз. Дара ианырыхәшьадлакгьы, нас аиҳабы иабжьыргон. Усҟан иҟаз алеишәа иахьа ԥхыӡгьы иумбар ҟалап сгәахәуеит шьҭахьҟа санхьаԥшуа.
Акыр шықәса ателехәаԥшраҿы аус зухьоу арежиссиор Заира Бигәааԥҳа абар ишылгәалалыршәо Шамиль Ԥлиа напхгара аниуазтәи аамҭа:
"Алеишәа џьбара змаз напхгаҩын. Шамахамзар икабинеҭ ҳныҩналан иаҳҭаху ҳҳәо иҟамызт. "Шамиль дуԥхьоит" анырҳәа, џьара уамак ҟалеит акәын иаанагоз. Зны заҵәык акәын Ателерадиоеилахәыра ахада икабинеҭ аҿы саннеихьаз. Аԥхьа арежиссиор ицхырааҩс аус зуан, нас ассистентс, анаҩс арежиссиор 3-тәи аҩаӡара ҳәа сҳараркит, насоуп режиссиорс саныҟала. Абарҭ аетапқәа зегьы урхысыр акәын усҟан. Иацы уааины, иахьа арежиссиор ҳәа астатус урҭомызт", - лҳәоит Бигәааԥҳа.
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2017
Агәхьаагара зцу агәалашәара
Заира еиҭалҳәеит, лара ассистентс даныҟаз, ажәабжьқәа ҟазҵоз лара шлакәызгьы, аҭыжьымҭа апапкаҿы арежиссиор Бигәаа ҳәа анҵаны ианизхаргалалакгьы, "ари зыжәлоу арежиссиор ҳәа са сҿы аӡәгьы аус иуӡом" ҳәа ишиҵәаӷәоз.
"Абри зегь зыҟаиҵоз, ауаҩы астимул иоурц, аусура иалагаз ихы аџьабаа адибаларц азы акәын. Акадрқәа абырҵкал икылихуан", - еиҭалҳәоит Заира.
Усҟантәи аамҭазы ателехәаԥшра аусуҩцәа рацәаҩымызт, аколлектив маҷын, адырраҭарақәагьы рацәамызт, аха иҟан аусура зда ихәарҭам арҿиаратә, административтә леишәа.
Схаҭагьы зны заҵәык снеихьан Шамиль Ԥлиа иакабинеҭ аҿы. Жәеинраалак акадр анҭыҵ сизаԥхьарц сыдигалт. Дбыԥхьоит анырҳәа, саргьы сшәаҟьаны сыҟан, смаҷын, сҿыцын азы. Аха, зкабинеҭ сыҩналаз ауаҩы дԥышәарччо дысԥылеит, сшәарагьы аасыхҟьеит.
Аибашьра анцоз аамҭақәа сгәаласыршәозар, 60 шықәса ирҭысхьаз Шамиль Ԥлиа иусуратә уада дыҩнатәамызт, иара дцон афронт ацәаҳәахьы, хәы змам архивгьы азынижьит ателехәаԥшра, амала аефир аамҭа ихазы инамыцхәны игомызт. Сгәанала, иара ӷәӷәала ихаҭыԥуаҩи аредакторцәеи рыгәра игон, избанзар усҟан аҭыхрақәа реиҿкаара, анҵамҭақәа аредакциа рзура Владимир Занҭариеи Руслан Ҳашыги рнапы ианын.
© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Ԥлиа аибашьра ашықәсқәа рзы
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Шамиль Ԥлиа аибашьра ашықәсқәа рзы
Усҟан дикторс аус зуаз, иахьа иредактору Емма Адлеиԥҳа абас дихцәажәоит Шамиль Хәсин-иԥа:
"Анапхгаҩы иаҳасабала иџьбараз уаҩын. Убри аан, проблемак уманы уидгылар, ацхыраара есымша дазхиан. Авторитет ду иман. Ииҳәоз алнадон аиҳабыра рҿы. Аусзуҩы егьа астатус имазаргьы, алеишәа анеилеига, лахь ииҭон. Асубординациа ҳәа изышьҭоу даара аус ауан иара ихаан. Убри акәхарын аколлектив еибаркны измаз", - лҳәоит Емма.
Шамиль Ԥлиа алафҳәарагьы дшазҟазаз гәасҭахьан. Аибашьра анцоз еицырдыруа ԥҳәыск ахшара длоуит. Ицан знык иҭырхын сиужетк ҟарҵеит. Дук мырҵыкәа, ахәшәтәырҭа данҭырга агара лызнаргеит, дырҩегьых асиужет ҟарҵеит. Гәдоуҭа ателехәаԥшра ахьыҟаз ахәыҷбаҳчаҿы еиҿкааз акрыфарҭа дааҩналт Шамиль Ԥлиа. Дааҳалаԥшын, ус ҿааиҭит: "Баба, бразилиатәи асериал "Просто Мария" еиԥш, ари ахшара дзауз лсиужетқәа уаҳа инымҵәаӡеи?" - ҳәа. Итәаз еилыркааит илаф ала адырра шриҭаз ус шыҟаҵатәым.
Аԥсуа телехәаԥшараҿы аус луан Шамиль Ԥлиа иԥҳа, арежиссиор Нара Ԥлиаԥҳа. Ателехәаԥшра ашәхымс сахызгазгьы лара лоуп. Саҳәшьеи лареи еиҩызцәан азы, ҽнак ҳаҩны дшыҟаз, аидеиа лызцәырҵит ахәыҷтәы дырраҭара ҳалагарц. Абасала, ателехәаԥшрахьы снеит. Ус акәзаргьы, аусура салагара азҵаатәы акыраамҭа ицоз процессын. Аԥхьа аштат анҭыҵ аус зуан, анаҩс, аштат абжа, анаҩс, аибашьра анеилга ауп аштат наӡа санықәдыртәа.
Нара лахь сгьежьуазар, зегь реиԥш аус луан, ианылҭаху дцо, даауа лаб "ибӷа" лыманы дыҟамызт. Ателехәаԥшра "аӷба акаԥдан", амшын аҿеиԥш, адгьыл аҿгьы илеишәа џьбаран, аусура анҭыҵ иҟазшьа бзиазаргьы. Абас дысгәалашәоит иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Шамиль Ԥлиа.
© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Ԥлиа иԥҳа арежиссиор Нара Ԥлиаԥҳаи иареи.
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Шамиль Ԥлиа иԥҳа арежиссиор Нара Ԥлиаԥҳаи иареи.
Аибашьра анеилга иара иусураҟынтә днаскьаргоит, мзызс иамаз сыздыруам, аха уи игәы шинархьыз ҩашьомызт, бжьыҭгала акгьы имҳәазаргьы. Дцеит "уца" анырҳәа, ибжьы мыргаӡакәан…
2004 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥызгон Амиран Гамгьиа режиссиорс дызмаз адырраҭара "Ажәа". Убасҟан заҵәык ауп уи иҿцәажәаразы алшара ансоуз, уаанӡа иара иҿы аус шызуазгьы, иааигәара анеира гәаӷьыуацәан са сзы. Апоезиа иԥсҭазаараҿ ҵакыс иамаз азы абас иҳәеит уи адырраҭараҿы:
"Иара ахала иааины аҽыснардыруан, мамзар споетхоит ҳәа сыгәгьы иаанагомызт. Ашкол санҭаз салагеит аҩра. Раԥхьаӡа Иуа Коӷониа иҩымҭақәа сԥыхьашәеит. Убри саԥхьо саналага, апоезиа здырит":
Саналага раԥхьа саԥхьо –
Ажәабжь сазҳәаз Иуа иоуп.
Апоема раԥхьа саԥхьа
Иқәны избаз – Иуа итәоуп…
Шамиль Ԥлиа иԥсҭазаара ҟыбаӡыбада имҩамсит. Уи ҷкәын Даур илахьыҵа иахьагьы еилкаам. Иара ибзианы дыздыруаз, аибашьра анцозгьы афронт аҿы дызбалоз сыԥшәма Анзор Гәыгәиԥа ишсеиҳәо ала, Даур Ԥлиа асовет аамҭазы Аҟәатәи апрокуратураҿы ҭҵааҩыс аус иуан (следователь прокуратуры - Е.К.). Кындыӷтәи аԥсаатә-фабрикаҿы акоррупциатә ус хацыркын усҟан. Убри аҭҵаара Даур идырҵеит. Сыԥшәма ишиҳәо ала, аиҳабыра акыр иқәыӷәӷәон, игәы ԥыржәон, уи аус анагӡараҿы аԥырхага ирҭон. Ақәыԥшратә максимализм рымҳәои, апрокурор қәыԥш аус наигӡар иҭахын ишахәҭаз. Даур Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра даветерануп. Аибашьра ашьҭахь иара хабарда дыбжьаӡит. Диҭынхеит аԥҳа Нина.
© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Ԥлиа иԥа Даур.
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Шамиль Ԥлиа иԥа Даур.
Хымԥада, ари аҭагылазаашьа Шамиль Ԥлиа иҭаацәа ргәабзиара аныррагьы анаҭон. Иара иаԥхьа 1997 шықәсазы лдунеи лыԥсахит иԥшәмаԥҳәыс Нина Маршьанԥҳа. Рҭаацәа здыруаз еиҭарҳәоит уи дшаҳкәажәыз, сахьалеи ҟазшьалеи. Нина уахынлатәи ашкол аҵара аҟәша аиҳабыс аус луан, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс дыҟан. Нара Ԥлиаԥҳа илҳәоит лан Нина лаб дарӷьажәҩаны дышивагылаз:
"Саб илитературатә усумҭақәа аредакциа рзураҿы лара ацхыраара илҭон, аԥсшәагьы бзианы илдыруан" :
Знык банызба, сылашара,
Сгәы амца акит ибыл-былуа,
Алаҳәахӡ еиԥш быхцәеиқәара
Сыбла хыркит ишанхауа….
Лара длунеи анылыԥсах ашьҭахь Ԥлиа иԥшәмаԥҳәыс хықәкыла илзикит ахьаа рацәа зцу абарҭ ацәаҳәақәа:
Ацәыӡ зыԥсоу иануцәыӡлак,
Ишуныруоуп иузырдыруа…
Иазгәасҭарц сҭахуп Шамиль Хәсин-иԥа ирҿиараҿы абзиабаратә лирика аҭыԥ ду шааннакыло, исҳәар ауеит уи еиҳа иқәҿиоз хырхарҭан ҳәа. Ипоезиатә ҭынхаҿы ирлас-ырлас иубоит абзиабаратә сахьақәа аазырԥшуа ацәаҳәақәа:
Бышәҭны биит, шьыжьтәи аӡаӡа
Зхьыршоу ашәҭқәа ртәыла агәҭа.
Нас ибаҭәасшьоит наӡаӡа
Лахьеиқәҵара амоурц блакҭа!
Иажәеинраалақәа рҿы апоет иаҳасабала, акырџьара ашәа азиҳәоит амшынуаҩ иԥсҭазаара:
Амшын ажәабжь азеиҭасҳәан,
Алабжышқәа леит аҳәҳәыҳәа!...
Иареи сареи 2004 шықәсазтәи ҳтелехәаԥшратә дырраҭарахь сгьежьуазар, исҭеит иара ихаан аԥсуа бызшәа ахархәаразы азҵаара. Иара абас аҭак ҟаиҵеит: "Абри аҭахуп ҳәа иаҳаԥхьаӡоз урысшәала идҳарҳауан, егьырахь аԥсышәала аус ҳуан".
© Foto / предоставлено Нарой ПилияШамиль Ԥлиа
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2022
Шамиль Ԥлиа
Шамиль Ԥлиа диит абҵара 15, 1932 шықәсазы Оҭҳара ақыҭан. Абас аҳәоит инысымҩа. Аха, иара Гарԥ аҳабла дызлатәыз ала, иалкааны уи азгәеиҭон ирҿиамҭақәа рҿы. "Аԥсны Қырҭтәыла ишадҳәалаз еиԥш, Гарԥгьы Оҭҳара иадҳәалан", - ҳәа дахлафаашәа исеиҳәеит ҳаиҿцәажәараҿы. Иан илзырхоу ажәеинраалаҿы абас дахцәажәоит иара иҳабла:
Сгәырҩабымган, ҳаиқәшәоит уаҟа,
Гарԥ зегь реиҳа – иҳаракуп!
"Издыруада сымч мырхакәа, исиааир сара аԥсра…" ҳәа зажәеинраалаҿы ахәыцра цәырызгахьаз Шамиль Ԥлиа идунеи иԥсахит ԥхынҷкәын 21, 2013 шықәсазы. Усҟан иара ихыҵуан 81 шықәса.
Иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Аԥсуа телехәаԥшра дакаԥданны даанхоит наунагӡа. Аӡәгьы игәы иалымсаааит, аха Шамиль Ԥлиа ихаан иҟаз алеишәа ҷыда иара иусура данамырх ашьҭахь аԥсасира иалагеит. Иахьа иара дҳалагылазҭгьы, ихыҵуан 90 шықәса.
Ажәабжьқәа зегьы
0